Урыстәыла

Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аус аулоит амш зеиԥшрахо еиԥш

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Сочи
Города России. Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2023
Анапаҵаҩра
Аԥшаӷьы, ақәаршыҩ, акырцх ашьҭахь Шәача аиҭашьақәыргыларатә усурақәа реиҳараӡак хыркәшоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аус аулоит амш зеиԥшрахо еиԥш, избанзар уажәраанӡа амш бааԥсуп.
Амҽыша шьыжьаахыс аҳаирпланқәа 4 даҽа ҳаирбаӷәазақәак рҿы иҟоуп. Уахыки-ҽнаки рыла Шәачатәи аҳаирбаӷәаза иааиуа 21 реис мҩаԥнагеит, ицо - 28.
Иҳаҩсыз асабшазы аԥша иканажьит 80 инареиҳаны аҵлақәа, уи иахҟьаны жәабала ахатәыҩнқәеи аҩнеихагылақәеи рхыбқәа рыхнахит. Уи адагьы, анџьныртә ҳақәа аԥхасҭа роуит, уажәраанӡа реиҭашьақәыргылара иаҿуп.
Шәача ԥхынҷкәын 25 рҟынӡа амшцәгьа бааԥсы ыҟазаауеит ҳәа рылаҳәоуп. Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауа ала, ақәаршҩы, акырцх леиуеит, 30-32 метра секундк ала зыласра ыҟоу аԥша асуеит, амҩақәа ирықәҵаауеит, афымцамҩангагақәа ақәабаа-сабаа рықәшәуеит.
Международный аэропорт в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2023
Урыстәыла
Шәачатәи аҳаирбаӷәаза ареисқәа рыхәҭак егьырҭ аеродромқәа рахь ишьҭуп
Ажәабжьқәа зегьы
0