Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Булискериаԥҳа еиҭалҳәеит Очамчыра ашықәсҿыцазтәи аныҳәа шеиҿкаахо

Булискериаԥҳа еиҭалҳәеит Очамчыра ашықәсҿыцазтәи аныҳәа шеиҿкаахо
Анапаҵаҩра
Очамчыра ашықәсҿыцазтәи ахәылԥаз амҩаԥгара рҽазыҟарҵоит. Аныҳәатә гәалаҟазаара ашьақәыргылареи, ашықәсан русура алҵшәақәа ртәи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Амра Булискериаԥҳа.
Ақалақь агәаны игылоу аԥсаӡ рхиоуп, иара убас амҩа хадақәа рхиоуп, ирлашоуп лҳәеит Булискериаԥҳа.
"Аԥсаӡ хадаҟны аныҳәа хада мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 29 рзы. Акультура ахан аҩнуҵаҟа акультура аҟәша амчала аныҳәа еиҿкаан, ансамбль "Ерцахәи" аестарадатә гәыԥ аеҵәақәеи имҩаԥыргеит аихшьаалатә концерт", - лҳәеит Булискериаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0