Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Озган ЕгрыГЕС аҿтәи аусутә еиԥылара далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнгур ГЭС
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2023
Анапаҵаҩра
ЕгрыГЕС аӡкыраҿ аусутә еиԥыларақәа раҳасаб ала аицәажәарақәа лассы-лассы имҩаԥысуеит, уи акомплекс аусура азҵаарақәа ирыҵанакуа инраамҭоу рыӡбра иацхраауеит ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Аԥсни Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа аусутә еиԥылара мҩаԥыргеит ЕгрыГЕС аӡкыраҿы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
"Ирылацәажәан 2024 шықәса ажьырныҳәа-хәажәкыра амзақәа рзы афымцамч арҿиаратә мҽхакы, абри аамҭазы афымцамч ахархәара аамҭеихша, аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара азԥхьагәаҭара, иара убасгьы имаҷымкәа акомплекс аусура иазкыз азҵаарақәа", - ҳәа лҳәеит Озган.
Лара лажәақәа рыла, аԥснытәи аган адырра ҟанаҵеит Аӡхыҽҽатә ГЕСқәа реиҭашьақәыргылара иалагараны ишыҟоу азы. ЕгрыГЕС адиректор хада Леван Мебониа Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз ахҳәааҿы иазгәеиҭеит Қырҭтәыла арҭ Аӡхыҽҽатә ГЕСқәа реиҭашьақәыргылара ишаламго, феида злам инвестициоуп ҳәа иԥхьаӡаны.
2015 шықәсазы ари апроект иазааҭгылахьан, аха афымцамч ахархәара усҟан иахьа аасҭа Аԥсны ҩынтәны еиҵан ҳәа иҳәеит Мебония.
Ажәабжьқәа зегьы
0