https://sputnik-abkhazia.info/20231227/adeputattsa-izaamanytim-asessiay-zakanak-aiakraa-rylargaleit-1049640240.html
Адепутатцәа изаамҭанытәим асессиаҿы закәанқәак аиҭакрақәа рыларгалеит
Адепутатцәа изаамҭанытәим асессиаҿы закәанқәак аиҭакрақәа рыларгалеит
Sputnik Аҧсны
28-ҩык адепутатцәа злахәыз изаамҭанытәим асессиа мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынҷкәын 27 рзы. 27.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-27T12:06+0300
2023-12-27T12:06+0300
2023-12-27T12:06+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/1c/1044880451_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_e0d5fe87ef746c27b59444cc6f62992e.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим асессиаҿы Аконституциатә закәан рыдыркылеит, Аграждантә закәанеидкылеи "Жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа рзы" азакәани аԥсахрақәа рыларгалеит. Адокумент кьыԥхьуп атәыла ахада исаит аҿы. Уи инақәыршәаны аиқәышаҳаҭра бжьыххар ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара азин ыҟам: адгьыл, амшын ақәԥшылара ахәҭа, Аиқәышаҳаҭра аусура аамҭаз иргылоу ахыбрақәа. Атекст аҿы иазгәаҭоуп, ари аԥҟара ақәымныҟәара аиқәшаҳаҭра аҿҳәара наӡаанӡагьы ибыжьнахыр шалшо, адокумент аҿы иарбоу, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иргылоу ахыбрақәа Аԥсны ишазырхынҳәхо. Азакәан инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Аграждантә закәанеидкыла актәи ахәҭаҿы иалагалан аԥсахрақәа. Урҭ инарықәыршәаны атәымҳәынҭқарра адгьыл ахархәара азин аҭахар ҟалоит ишьақәырӷәӷәоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭреи, Аграждантә закәанеидкылеи, агьыл азы азакәани ишырҳәо ала. "Жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа рзы" азакәан харҭәаан анормақәа рыла. Урҭ анормақәа инарықәыршәаны Аԥсны Аконституциеи Аконституциатә закәани рҿы иарбоу анормақәа ракәымкәа жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭра аҽа нормақәак шьақәыргылозар, ахархәара рыҭахоит Аԥсны Аконституциеи Аконституциатә закәани иадырбо анормақәа. Ара иацҵан жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭра бжьыххоит иара Аԥсны асуверинитет аԥхасҭа анаҭозар, ма ашәарҭадара ҵнашәаауазар, мамзаргьы Аԥсны азинеиҿкаара иаҿагылозар ҳәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20231227/ayndacha-pitsunda-aakyra-iou-argylaraa-urystyla-aaraz-aishaara-shayroup-1049635127.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/1c/1044880451_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_0e94ca75ccac1ed666928a3fd5f89a54.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Адепутатцәа изаамҭанытәим асессиаҿы закәанқәак аиҭакрақәа рыларгалеит
28-ҩык адепутатцәа злахәыз изаамҭанытәим асессиа мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынҷкәын 27 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа изаамҭанытәим асессиаҿы Аконституциатә закәан рыдыркылеит, Аграждантә закәанеидкылеи "Жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа рзы" азакәани аԥсахрақәа рыларгалеит. Адокумент
кьыԥхьуп атәыла ахада исаит аҿы.
Аконституциатә закәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы иҟоу аргылара Урыстәылатәи Афедерациа иахатәны аҭаразы Аиқәшаҳаҭра анагӡараз ауснагӡатәқәа рзы" ишьақәнаргылоит адокумент амҩаԥгараз ауснагӡатәқәа.
Уи инақәыршәаны аиқәышаҳаҭра бжьыххар ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара азин ыҟам: адгьыл, амшын ақәԥшылара ахәҭа, Аиқәышаҳаҭра аусура аамҭаз иргылоу ахыбрақәа.
Атекст аҿы иазгәаҭоуп, ари аԥҟара ақәымныҟәара аиқәшаҳаҭра аҿҳәара наӡаанӡагьы ибыжьнахыр шалшо, адокумент аҿы иарбоу, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иргылоу ахыбрақәа Аԥсны ишазырхынҳәхо.
Азакәан инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Аграждантә закәанеидкыла актәи ахәҭаҿы иалагалан аԥсахрақәа. Урҭ инарықәыршәаны атәымҳәынҭқарра адгьыл ахархәара азин аҭахар ҟалоит ишьақәырӷәӷәоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭреи, Аграждантә закәанеидкылеи, агьыл азы азакәани ишырҳәо ала.
"Жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа рзы" азакәан харҭәаан анормақәа рыла. Урҭ анормақәа инарықәыршәаны Аԥсны Аконституциеи Аконституциатә закәани рҿы иарбоу анормақәа ракәымкәа жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭра аҽа нормақәак шьақәыргылозар, ахархәара рыҭахоит Аԥсны Аконституциеи Аконституциатә закәани иадырбо анормақәа. Ара иацҵан жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭра бжьыххоит иара Аԥсны асуверинитет аԥхасҭа анаҭозар, ма ашәарҭадара ҵнашәаауазар, мамзаргьы Аԥсны азинеиҿкаара иаҿагылозар ҳәа.