Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Барцыц идеилиркааит аҳәынҭдача "Пицунда" Урыстәыла аҭараз Аиқәшаҳаҭра зышьақәырӷәӷәатәу

© Sputnik / Томас Тхайцук Анри Барциц
Анри Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 - Sputnik. Аԥсны аиустициа аминистрра аҳәынҭдача "Пицунда" амазаратә комплекс Урыстәыла аҭараз Аиқәшаҳаҭра анҭнаҵаа ашьҭахь алкаа ҟанаҵеит ишьақәырӷәӷәатәуп ҳәа.
Аиустициа аминистр Анри Барцыц иажәақәа рыла аусбарҭа азхьаԥшра анаҭеит Аиқәшаҳаҭра аганқәак Аԥсны азакәанԥҵара ишақәымшәо.
Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы Аԥсны азакәан инақәыршәаны амилаҭтә закәанԥҵара аԥҟаррақәа ирықәымшәо аҽа ԥҟаррақәак анаарԥшу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра Апарламент ахь инашьҭтәуп ашьақәырӷәӷәаразы.
Апарламент иаднакыло ашьақәырӷәӷәара оуп Аиқәшаҳаҭра аԥсуа закәанԥҵара иахәҭакны иҟазҵо.
Уи адагьы, аиустициа аминистр иазгәеиҭеит, аҳәынҭдача "Пицунда" Урыстәыла аҭараз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аргылара амхра шзалымшо: 6-тәи ахәҭаҷ ишьақәнаргылоит иарбоу адгьыл ахықәкы азырхара.
Анри Барцыц хазы инаҵшьны иазгәеиҭеит, иаарԥшыз атехникатә гхақәа инарыдҳәаланы Аиқәшаҳаҭра аԥсахра алагалара уажәазы ишауа.
Иара иҳәеит аԥснытәии урыстәылатәии аганқәа аргылара иҟоу аҳәаақәа рыла рыҭараз рҭаххарақәа рыҽшырымԥсахыз, атехникатә гхақәа анаарԥшха ашьҭахь ашәҟәқәа еимданы рыгәҭакқәа шышьақәдырӷәӷәаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0