Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахшара рацәа змоу аԥаратә цхыраара рырҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Администрация города Сухум
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2023
Анапаҵаҩра
Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы ԥхынҷкәын 22 рзы иаадыртит атәыла аԥсаӡ хада, ара еиҿкаан аџьармыкьа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба аусԥҟа инапы аҵеиҩит Ашықәс ҿыц аламҭалаз ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа назлоу атәылауаа ркатегориақәак изныктәиу аԥаратә цхыраара рыҭазарц, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

105 ҭаацәара, ԥшьҩыки инареиҳани ахшара змоу хԥа-хԥа нызқьмааҭ хәыҷыцыԥхьаӡа ирзоужьын, зынӡа 606-ҩык ахәыҷқәа.

Хԥа-хԥа нызқьмааҭ рыҭан 16 шықәса рхыҵаанӡа ихәыҷаахыс зхы иамыхәо хылаԥшра рызҭогьы. Аҟәа инхоит асеиԥш иҟоу 156-ҩык ахәыҷқәа.
Изымныҟәақәо ирзоужьын ааба-ааба нызқьмааҭ.
Аҟәа ахадара иара убасгьы зқьи хәышә рҟынӡа аҳамҭатә купонқәа рыхә рхыршәааит, афондқәа "Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра ззыруа аҭаацәарақәа ирырҭеит.
Акупонқәа ухы иауырхәар ауеит аныҳәатә џьармыкьаҿ – апавильонқәа рҿы ахаақәа ааухәар ҟалоит, ма ахәмарратә афтомат аҿы ухәмарыр ауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0