Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аеколог еиҭеиҳәеит аԥсыӡ Гагра аҟәарахьы рҽызхықәрыжьлаз

© Sputnik / Томас ТхайцукПобережье Гагры
Побережье Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсыӡ хыԥхьаӡара рацәала аҟәара рыҽхықәрыжьлеит, уи амшынҳәақәа роуп изыхҟьаз ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аеколог хада Роман Дбар.

"Асеиԥш аиҳарак амшынҳәақәа роуп изыдҳәало. Амшынҳәақәа анышәарыцо аԥсыӡ аҟәара иадырцалоит, убри аан ацәқәырԥа дузар, аҟәара ихықәнажьлоит. Иарбанызаалак аԥсыӡ ас иақәшәар ҟалоит. Уажәазы уи аидыԥсалажәлоуп. "Остронос" ҳәа иашьҭоуп", –иҳәеит аеколог.

Асоциалтә ҳақәа рҿы аӡәырҩы ргәаанагарала асалиут иахҟьеит ҳәа азгәаҭоуп, аха уи иашам ҳәа азгәеиҭеит Дбар.
Иара иажәақәа рыла, ари аԥсыӡхкы Амшын еиқәаҿы ирацәоуп, 20-25 сантиметра аура амоуп. Гагра иҟалаз аҩыза ахҭысқәа аиҳарак изыхҟьо аԥсыӡ ахыԥхьаӡара арацәара, аӡыӷӷара, ацәқәырԥа адура, амшынҳәақәа роуп.
"Ас ҟалоит аԥсыӡ анырацәоу. Уажәы афакторқәа еиқәылеит. Авидео ишаҳнарбо ала аԥсыӡ рацәа ҿықәнажьлеит. Ауаа урҭ ирласны еизыргеит"". - иҳәеит Дбар.
Аеколог иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аидыԥсала аҿиара амоуп, иҟалаз урҭ ирԥырхагам.
Ажәабжьқәа зегьы
0