Урыстәыла

Аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика: Сергеи Лавров иинтервиу

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит главы МИД РФ С. Лаврова в ЮАР
Визит главы МИД РФ С. Лаврова в ЮАР - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Урыстәыла арԥсыҽразы Мраҭашәара астратегиа акгьы алымшеит, аоперациа ҷыда ахықәкқәа нагӡахоит, ЕАА аҩнуҵҟатә еиҭакра ашьҭахь аҭыԥ иқәлоит. Арҭи егьырҭ азҵаарақәеи ирылацәажәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Дмитри Киселиови РИА Новости ателеканал "Россия 24" аинтервиу рыҭараан.

Урыстәыла аҽарӷәӷәеит

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит Мраҭашәара Урыстәыла арԥсыҽразы иалшо зегь шыҟанаҵозгьы аҵыхәтәантәи ашықәс азы Урыстәыла абжьааԥны еиԥшымкәа ишыӷәӷәахаз.
"Урыстәыла иаҿагыланы аколлективтә Мраҭашәара имҩаԥнаго агибридтә еибашьра иалҵшәаны Урыстәыла 2023 шықәсазы еиҳагьы иӷәӷәахеит, ажәлар ракәзаргьы еиҳагьы рҽеидыркылеит".
Лавров иҳәеит аиааира ҳара ҳзы адипломатиатә ҟазшьа мацара акәӡам иамоу, раԥхьа иргыланы аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуоуп аиааира ахьырыӡрыжәуа ҳәа.
"Аха атыл ада, ажәлар рыдгылара ада аиааира залыршахом. Ҳажәлари ҳнапхгареи атәыла ахада раԥхьа днаргыланы аиааирахь амҩа аадыртуеит. Зегь рыжәҩа еибыҭаны аиааира амаҵ азыруеит".
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәеит украинатәи ахырхарҭаҿы аиҭакрақәа ирылҵшәаны аоперациа ҷыда ахықәкқәа шынагӡахо, Украина адемилитаризациагьы налаҵаны.
Министерство иностранных дел России - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2023
Урыстәыла
Лавров: Урыстәыла 2023 шықәсазы еиҳа иӷәӷәахеит, ажәлар Мраҭашәара аҿаԥхьа рҽеидыркылеит

Украинатәи "аҭынчра аформула " — ачымазаҩ ихыҭҳәаауп

"Иԥаршеиу амц" ҳәа рхиҳәааит аминистр Мраҭашәаратәи атәылақәа Украина аимак аус ӡбхоит "Киев аиааирала" ҳәа игәарарҵо ажәабжьқәа. Иара иажәақәа рыла Украина ахада Зеленски ирыдигало "аҭынчра аформула " — ачымазаҩ ихыҭҳәаауп ҳәа иҳәеит аминистр.
"Уа иану зегьы авиниетка аҟазшьа рымоуп. Амлакра ашәарҭадара, афымцамчамазаараз ашәарҭадара, "Урыстәыла 1991 шықәсазтәи аҳәаахь ихьаҵроуп, Ҟрым архынҳәыроуп, Донбасс мап ацәнакыроуп" уарччартә иҟоуп. Мраҭашәараа ирҳәоит: Зеленски иажәадгалақәа жәаба урхымԥо урҵымԥо иҟалароуп, валашьак рмоуроуп, ишыҟоу инхароуп. Урысшәала иуҳәозар – еижьароуп".

Зеленски иформула арежим маӡала иалацәажәоит

Лавров иҳәеит жәамш раԥхьа, ирмаӡаны Зеленски иформулала мраҭашәаратәи атәылақәеи Аладатәи аглобалтә тәылақәаки рхаҭарнакцәа аиԥылара шрымаз. Аминистр иҳәеит, уи иалахәыз ҳадгылаҩцәа Урыстәыла аганахь ала убра ирҳәо ҳцәырӡарц ргәы ишҭамыз шазгәарҭаз.
Лавров иажәақәа рыла, аиԥылара алахәылацәа еилацәажәеит ажьырныҳәамзазы еиҭеиқәшәарц, жәабранмзазы асаммит еиҿкааны Зеленски иформула шьақәдырӷәӷәарц.

Адоллар арежимқәа реиҭакра иахархәагоуп

Иахьазы америкатәи авалиута политикатә хархәагахеит, егьырҭ атәылақәа рыҩнуҵҟатә усқәа ахрылагаларазы ҳәа иҳәеит Лавров.
"Зегь ааԥсеит егьырҭ атәылақәа рыҩнуҵҟатә усқәа ахрылагаларазы ихархәагахаз, арежимқәа рыԥсахраз адоллар аҟынтә".
Аминистр иҳәеит еиҳа ииашоу аекономикатә еиҿкаара амҩа ианыҵтәым ҳәа.
"БРИКС асаммит аҿы иқәыргылан адҵа – БРИКС алахәылацәеи егьырҭ аҿиара иқәу атәылақәеи Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди Адунеизегьтәи абанки аекономикатә капан ирымоу зныԥшуа аквотақәа рырҭарц ".

Аҩнуҵҟатәи шьаҭанкылатәи аԥсахроуп ЕАА ахшыҩ ахаҿы иаазго

Иахьазы аҩнуҵҟатәи шьаҭанкылатәи аԥсахроуп ЕАА ахшыҩ ахаҿы иаазго, зегьы иреиӷьушәа ахы або иҟамлартә иҟазҵо ҳәа иҳәеит Лавров.
"Макьаназ зегьы иреиҳаушәа рхы рбоит".
Аминистр иазгәеиҭеит, уи аиҳаракгьы ишааԥшуа адемократиатә напхгара ахатә конституциа азакәанқәа еилаганы, адунеи зегь адагьы ахатә тәылагьы ыҵадырҽыларц ахьырҭаху.
Заседание министров иностранных дел ОДКБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла арратә операциа ҷыда ахықәкқәа рынагӡара аҽазнархиоит ҳәа иҳәеит Лавров

Урыстәыла еснагь аиаша аҳәоит

Иааиуа ашықәс азы урыстәылатәи адипломатиа аҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа дрылацәажәо Лавров иҳәеит, ихадароу Урыстәыла обиективла адкылара шакәу. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Москва Мраҭашәареиԥш акәымкәа еснагь аиашаҳәара бзиа ишабо.
"Мраҭашәаратәи ҳколлегацәа еснагь амц рымҩанызан. Ҳара ҳакәзар еснагь аиаша ҳҳәоит. Иаартны ҳцәажәоит. Ари еиҳаракгьы аҵакы аманы иҟоуп иахьа, иашалаҵәҟьа ҳзакәу, иаҳҭаху рдырыр анакәу".
Урыстәыла аҽазышәара ҟанаҵоит ЕАР Аԥҟаԥҵәа хадаҿы иарбо апринцип "аҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра аиҟарара ҳаҭыр ақәҵара" анагӡаразы" ҳәа иҳәеит аминистр.
Ажәабжьқәа зегьы
0