Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Габелаиа Очамчыра араион азы 2023 шықәса зеиԥшраз атәы еиҭеиҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦентр города Очамчыра
Центр города Очамчыра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы Очамчыра араион абиуџьет 423 миллион мааҭ шьақәнаргылеит, уи ахәҭа хада ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациа аҳасабала иаланагалеит. Иара убас 28 миллион мааҭ Афонҿыцтәи аҳаԥи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки иаларгалеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. 2023 шықәса Очамчыра араион азы иуадаҩын иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габелаиа, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
Абиуџьет шьақәзыргыло аусхк хада иеиуоу аԥсыӡааглыхра иззыԥшыз ахашәалахәы рынамҭеит. Акамшьиа маҷны иахьааиз иахҟьаны араион иамаиуит 80 миллион мааҭ.
Иааидкылан, 2023 шықәсазы Очамчыра араион иаланагалеит 423 миллион мааҭ, уи ахәҭа хада шьақәнаргылеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иаланагалаз адотациа, Иара убас 28 миллион мааҭ Афонҿыцтәи аҳаԥи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки иаларгалеит.
Завершена реконструкция водозаборного накопителя в Очамчыре. 
 - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2023
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Очамчыра араион аҿы аӡҭарчыеизакырҭа аиҭарҿыцра 15,5 млн мааҭ ақәырӡуп
Абиуџьет ахәҭа хада абиуџьет усзуҩцәа руалафахәы ахь ишьҭын - арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, акультура аусзуҩцәа уҳәа рзы.
“Очамчыра араион аҿы еиҳарак социалтә биуџьетуп иҟоу. Араион аҿы имаҷҩым ацхыраара зҭаху ауаа, ирацәаны иҳадҵаалоит. Ҳзыцхырааз реиԥш ҳазхьымӡазгьы ыҟагәышьоуп. Ҳхатәы рҳамҭақәа маҷны иҳамоуп, убри азы ҳхала иҳалшаӡом аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара. не так много, поэтому мы своими силами не можем проводить глобальные восстановительные работы. Аха, иагьа ус иҟазаргьы, ҳара излауаз ала имҩаԥаагон ақалақь арԥшӡаразы аусурақәа, аӡымҩангагақәа реиҭашьақәыргылара ҳаҿын. Араион аҿы аӡы азы апроблема ыҟан. 2023 шықәса рзы ҳара аӡыҵҵырҭақәа жәаба ҟаҳҵеит, уи иабзоураны араион аҿы жәа-қыҭак рҟынӡа аӡы роуа иҟалеит. Арҭ аусурақәа 2024 шықәсазгьы ирыцҵахоит", - иҳәеит Габелаиа.
Завод по переработке хамсы на территории Рыбкомбината - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2023
Аԥсны
Аԥсны аԥсыӡкра аамҭазы акамшьиа акразы аквота иацырҵар ҟалоит
2024 шықәса рзы араион абиуџьет 2023 шықәсазтәи абиуџьет аасҭа еиҳауп - 500 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Габелаиа иажәақәа рыла, арҳамҭақәа рхыҵхырҭа ҿыцқәа цәырымҵыцт. Аха, иагьа ус иҟахаргьы, ҳазҭало ашықәс азы аҭыԥантәи аиҳабыра агәыӷра ду адырҳәалоит акамшьиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0