00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Путин Шанхаитәи аиҿкаара аилатәара иалахәра, иҳәамҭақәа: аполитолог ихҳәаа
13:04
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
12 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Риҵатәи аҳәырԥсарраҟны ахаҳәқәа рлеира: аеколог ицәажәара
13:45
3 мин
Аицәажәара
Отаԥ аҳаԥы аҿы иазгәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усқәа:аиҳабы иҿцәажәара
13:48
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Озеленение, ремонт набережной, фасадов. О блгоустройстве Сухума заммэра
14:17
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
В помощь ребенку фонд "Ашана" проведет благотворительный марафон
14:44
27 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәбаз еиҭеиҳәеит 2023 ашықәс аботаникатә баҳчазы изеиԥшраз атәы

Гәбаз еиҭеиҳәеит 2023 ашықәс аботаникатә баҳчазы изеиԥшраз атәы
Анапаҵаҩра
Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 2023 ашықәс иалагӡаны инагӡаз аусура атәы, иарбан еихьӡарақәоу ирымоу, насгьы абаҳча ахылаԥшраҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.
Зегь реиҳа иуадаҩраны иҳаман аҿар рааӡара, ҳзыԥсахуа ыҟамызт, аха сынтәа ф-ҩык ирыхҵан абиологиатә наукақәа ркандидат ҳәа ахьӡ, азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәбаз.
"Аинститут ашьҭахь аспирантура иалгаз 6-ҩык анаука аусзуҩцәа ирыхьчеит адиссертациақәа, уи даараӡа лҵшәа дууп. Ирыхҵоуп абиологиатә наукақәа ркандидат ҳәа, ари даара қәҿиара дууп ҳәа исыԥхьаӡоит. Ақәҿиарақәа ыҟоуп акадрқәа рааӡараҿы. Уи аганахьала иҟаҵоу маҷым", - ҳәа азгәеиҭеит Гәбаз.
Аҵиаақәа рганахьала даара ҳарԥшӡеит амеценат лыцхыраарала иҳауз ашәҭқәа, уи даара ҳботаникатә баҳча ианыԥшуеит, ҳәа иҳәеит Гәбаз.
Аботаникатә баҳча аиҳабы иажәақәа рыла сынтәа абаҳчаҿы иҟоу аҵиаақәа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ачымазарақәа иркит.
"Ҳҵиаақәа даара ирԥырхагоуп, урҭ рыхьчара, рыхәшәтәроуп проблемас иҳазцәырҵыз уажәы. Сынтәа 4-5 ҵла даара иԥшӡаз ҳцәалаӡит. Ҳашьҭоуп урҭ злаҳахәшәтәыша", - иҳәеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0