Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Мишустин Бжьаниа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит

© Sputnik / Дмитрий Астахов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПремьер-министр РФ М. Мишустин провел заседание правительства РФ
Премьер-министр РФ М. Мишустин провел заседание правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иааиуа аныҳәақәа - Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Мишустин иазгәеиҭеит иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аҩтәылак ирыбжьоу аиҩызареи астратегиатә партниорреи ишрықәнагоу еиԥш, реизыҟазаашьақәа шьаҿа-шьаҿала ишыҿиоз, аусеицура шыӷәӷәахоз, апроектқәа шеицынарыгӡоз.
"Агәыӷра сымоуп хырхарҭарацәала ҳусеицура аԥхьаҟагьы ишацаҳҵо, иаҳзыԥшу аԥшьгамҭа бзиақәа зегьы рынагӡара ҳалшартә еиԥш. Ҳаизыҟазаашьақәа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи еицырзыфеидоуп", - ҳәа ануп атекст аҿы.
Мишустин Аслан Бжьаниа изеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, ақәҿиарақәа, Аԥсны жәлар ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьареи аԥеиԥш лашеи.
Иара убас, иааиуа аныҳәақәа Аԥсны ахада идиныҳәалеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев. Иара аҩтәылак реимадарақәа рырӷәӷәаразы инарыгӡо аусқәа ахәшьара бзиа риҭеит, агәыӷрагьы ааирԥшит ҳазҭало ашықәс азы арегион аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи азы ашьаҿақәа шыҟарҵало.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0