Урыстәыла

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра: Белгород иҟалаз атеракт Мраҭашәара рнапы алакуп

© Sputnik / Антон Вергун / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПоследствия обстрела центра Белгорода ВСУ
Последствия обстрела центра Белгорода ВСУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит ауаҩшьра, ауаҩшьразы аҽазышәара, гәҭакрала атәым мазара ақәхреи абжьыхреи рзы. Ақалақь аҿы аус руеит ашьаусԥшааҩцәа, аекспертцәа, акриминалистцәа, урҭ ахҭыс шыҟалаз ҭырҵаауеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит мраҭашәаратәи тәылақәак Белгород агәаны иҟалаз атеракт рнапы шалаку. Абри кьыԥхьуп аусбарҭа аофициалтә Telegram-канал аҿы.
"Ари атеракт аиҿкаара иалахәуп британиатәии америкатәи абжьгаҩцәа, иахьатәи Украина амчрақәа ацәгьоурақәа ҟарҵарц ирыгәҭасуа. Ари атеракт азы аҭкаԥхықәра рыдуп европатәи тәылақәакгьы, Украина бџьарла еиқәзыршәо", - ҳәа ануп аҳәамҭа атекст аҿы.
Иазгәаҭоуп иахьалахысыз аҭыԥ анхацәа рыԥсы ршьарц азы рхәыҷқәеи дареи ахьнеиуа апарк ауп.
"Ари ацәгьоура еиҿызкаази иназыгӡази зегьы ӷәӷәала иахьырхәхоит. Белгород иҟалаз атеракт Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак аҿы иахәаԥшуеит, украинатәи атеррористцәа адунеи аҿы мап зыцәку абџьар аҭынч уааԥсыра рганахьала рхы иахьадырхәаз ҭырҵаароуп, ари аҩыза абџьар рызназго еилыркаароуп", - ҳәа аанацҳауеит АдәАР.
Аусбарҭа иаанацҳаит Белгород комбинациала иҟаз харабӷьара иаарышьҭыз ахымца шажәырҵаз ҩ-ракетак "Ольха" ала, уи иагәылан адунеи аҿы изқәиҭым акассетатә џьаԥҳани Чехиа иҟаҵоу аицҭырҟьаратә снариадқәа "Vampire"-и. Урыстәыла дҵаны иқәнаргылеит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараан Чехиа ахаҭарнак далахәызарц Киевҟа аџьаԥҳаны ахьынарышьҭуа азы аилыркаа ҟаиҵарц, аха урҭ мап ркит.
"Ольха", иара убас аснариадқәа рыхәҭак аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит, аха уеизгьы аракетатә снариадқәеи икарыжьыз аракетақәа ркассетатә хәҭақәеи ақалақь иалаҳаит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 20-ҩык, 109-ҩык ахәрақәа рымоуп.
Урыстәыла ашьаусԥшааратә еилакы ашьаус хацнаркит ауаҩшьра, ауаҩшьразы аҽазышәара, гәҭакрала атәым мазара ақәхреи абжьыхреи рзы. Ақалақь аҿы аус руеит ашьаусԥшааҩцәа, аекспертцәа, акриминалистцәа, урҭ ахҭыс шыҟалаз ҭырҵаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0