Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амилициа Аҟәа инхо аҭыԥҳа лыӡра инамаданы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция мигалка
Милиция мигалка - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааранӡатәи аҟәша агәаҭарақәа мҩаԥнагоит Аҟәа инхо Софиа Олеиник лыӡра афакт ала, абри атәы аарыцҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзураҿы.
Аҭыԥҳа дыӡит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит лара лан. Иазгәаҭоуп, аԥҳәызба ԥхынҷкәын 27 асааҭ 17:00 рзеиԥш Назаӡе лымҩаҿы иҟоу лыҩны дышдәылҵыз, иахьа уажәраанӡагьы лыхабар шыҟам.
Иазгәаҭоуп амилициа Софиа Олеиник дахьыҟоу аилкааразы аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа шымҩаԥырго.
Асоциалтә ҳақәа рҿы ажьырныҳәа 1 азы адырра ҟалеит аҭыԥҳа Џьал ақыҭан шьоукы дырбеит ҳәа. Аволонтиорцәа ауаа ирыларҳәеит ажьырныҳәа 2 шьыжьы инаркны Џьал ақыҭан, иара убас Гәылрыԥшь араион аҿы еицхырааны лыԥшаара ишалаго.
Ажәабжьқәа зегьы
0