Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Манаргиа 2023-тәи ашықәс ашьапылампыл азы изеиԥшраз иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Манаргиа 2023 ашықәс ашьапылампыл азы изеиԥшраз иазкны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц мышқәак шагыз Ашьапылампылтә федерациа апресс-атташе Алхас Манаргиа ааԥхьара иман арадио Sputnik ахь. Иара аефир аҿы 2023-тәи ашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит, еиҭеиҳәеит иарбан ԥсахрақәоу иалагалаз атурнирқәа реиҿкаараҿы, игәалаиршәеит зҽалызкааз акомандақәа.
2023 шықәсазы ирацәаны аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаан ҳәа азгәеиҭеит аицәажәараҿы Манаргиа. Раԥхьа инаргыланы ашьапылампылтә турнирқәа рхыԥхьаӡара ирыцлеит иҳәеит иара.
"Аибашьра анеилгаз инаркны иҳаман лигак, сынтәа Иреиҳаӡоу алигаҿы аа-командак хәмаруан, ичемпионхеит "Гагра", гаграа 10 шықәса инареиҳаны иазыԥшын ари ахҭыс, Аҟәатәи "Динамо" - Аԥсны ахраҿа иаԥсахеит. Иреиҳаӡоу алига ҳамоуп, уи анаҩс иаԥҵоуп амилаҭтә шьапылампылтә лига ҳәа. Араҟа 13 команда хәмаруеит. Иазгәаҭан, Иреиҳаӡоу алигаҿы аҵыхәтәантәи аҭыԥ аанызкылази амилаҭтә шьапылампылтә лигаҿы актәи аҭыԥ аанызкылази реиндаҭлара. Убас иҟалеит сынтәа, аринахысгьы ус. Хықәкыс иамоу – аиааира згаз, уи амилаҭтә шьапылампылтә лига аҟынтә акәзар, егьи акоманда аҭыԥан Иреиҳаӡоу алига иалалоит. Ус кәтолтәи "Бзана" хәмарлоит Иреиҳаӡоу алигаҿы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Манаргиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0