Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аполитолог: аҵыхәтәантәи ажәашықәсқәа Аԥсны аполитикаҿы хықәкыс иҟоу амчраҿы анеироуп

Аполитолог: аҵыхәтәантәи ажәашықәсқәа Аԥсны аполитикаҿы хықәкыс иҟоу амчраҿы анеироуп
Анапаҵаҩра
Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны иҳаҩсыз ашықәс азы аполитикатә хҭысқәа реихшьаала ҟаиҵеит, иаликааит иаҳа ихадаратәыз ҳәа ииԥхьаӡо, аԥсҭазаара анырра азҭо.
Ҳагба иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәс азы аполитикатә ԥсҭазаараҟны аиҿагылара аҭыԥ амазаргьы, иаҳа ҭынч имҩасит ҳәа шиԥхьаӡо. Аполитолог иҳәеит атәылаҟны аполитикатә культура анырра ду шанаҭо аҳәынҭқарра ахьӡ, аҭагылазаашьа.
"Ҳаԥхьаҟа азҵаарақәа рацәазаргьы, ҳахьцалакгьы урҭ ҳариааины шьақәгылашьак ҳтәыла иаҳҭоит ҳәа агәыӷра ҳамазароуп… Аԥсны инхо ауаҩы изеилкааӡом имҩаԥысуа аполитикатә процесс, ихы ахьадикылаша, дыззыӡырҩыша. Абри уадаҩра дуны иҟоуп. Абарҭ иҟақәоу (аполитикатә еиҿагыларақәа-азгәаҭа) зегьы аҭынчрахь икылҳамгар, амчра ахьӡ каҳуеит. Ари зегь реиҳа ирыцҳарахаз ауп аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыла Аԥсны. Амчра ахьӡ каҳаит, уи шьҭыхтәуп, иҟазҵашагьы аполитикаҟны инеиуа роуп. Аԥсны иазаҳаҵҳаҵо деилыркаауеит ажәлар, аха зегьы ишырбо аполитикатә процесс аҟны хықәкыс ирымоу акызаҵәык ауп аҵыхәтәантәи ажәашықәсқәа -амчраҿы анеира. Аполитика уи ауп рҳәоит, аха зынӡаскгьы ииашаӡм. Амчра мацара акәӡам иҟоу. Аԥсны аҿаԥхьа иҵарны, иҵегьы иӷәӷәаны, иаӷьны азҵаарақәа дыргылоит атәым ҳәынҭқаррақәа, Урыстәылагьы", - иҳәеит Ҳагба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0