https://sputnik-abkhazia.info/20240103/ayn-shkaka-syla-iaou-aa--1049740687.html
Аӡын шкәакәа: сыла иҭаҳәҳәоу Аҟәа
Аӡын шкәакәа: сыла иҭаҳәҳәоу Аҟәа
Sputnik Аҧсны
113 шықәса раԥхьа ажьырныҳәа 3 рзы Аԥсны "Ас ду" леит. Ҳтәыла агаҿа ус шамахамзар асы рацәа леиӡом, убри аҟынтәи ауааԥсыра асоура гәырӷьарак ирзаҩызоуп... 03.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-03T20:00+0300
2024-01-03T20:00+0300
2024-01-03T21:42+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/1b/1049658632_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_50f1556b180f5a1c284e95d8c44451bb.jpg
Аԥсны асы шамахамзар ишымлеиуагь аԥсабара аамҭа-аамҭала ауааԥсыра аргәырӷьоит. Еиҳарак ашықәс ҿыц аламҭалаз оуп асы ианазԥшу, аха аҳауа аҭагылазаашьа ҷыда иабзоураны аныҳәеи асоуреи анеиқәшәо даара имаҷуп.Sputnik афотолентаҿ еидкылоуп шықәсқәак раԥхьа Аԥсны сыла ианҭаҳәҳәаз иҟаҵоу афотосахьақәа.Аҳауагәаҭаҩцәагь рацәак ҳдыргәырӷьом асоуразы. Ажьырныҳәамза 1 инаркны 15-нӡа Аԥсны агаҿа иахьаҵанакуа лассы- лассы аҳаиртә қәаӷәӷәара алаҟәреи ахьшәашәареи ирыхҟьаны аҳауа аҽеиҭанаклоит, ишәшьуеит. Ажьырныҳәамза 3 инаркны 10-нӡа иазгәаҭоуп ақәоура.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/1b/1049658632_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_086317f511f5da9af340b5d34875a4ae.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, аԥсны, фото, аҟәа
афотосахьақәа, аԥсны, фото, аҟәа
Аӡын шкәакәа: сыла иҭаҳәҳәоу Аҟәа
20:00 03.01.2024 (ирҿыцуп: 21:42 03.01.2024) 113 шықәса раԥхьа ажьырныҳәа 3 рзы Аԥсны "Ас ду" леит. Ҳтәыла агаҿа ус шамахамзар асы рацәа леиӡом, убри аҟынтәи ауааԥсыра асоура гәырӷьарак ирзаҩызоуп. Sputnik ишәзеиқәнаршәеит еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа иҟаҵаз афотосахьақәа.
Аԥсны асы шамахамзар ишымлеиуагь аԥсабара аамҭа-аамҭала ауааԥсыра аргәырӷьоит. Еиҳарак ашықәс ҿыц аламҭалаз оуп асы ианазԥшу, аха аҳауа аҭагылазаашьа ҷыда иабзоураны аныҳәеи асоуреи анеиқәшәо даара имаҷуп.
Sputnik афотолентаҿ еидкылоуп шықәсқәак раԥхьа Аԥсны сыла ианҭаҳәҳәаз иҟаҵоу афотосахьақәа.
Аҳауагәаҭаҩцәагь рацәак ҳдыргәырӷьом асоуразы. Ажьырныҳәамза 1 инаркны 15-нӡа Аԥсны агаҿа иахьаҵанакуа лассы- лассы аҳаиртә қәаӷәӷәара алаҟәреи ахьшәашәареи ирыхҟьаны аҳауа аҽеиҭанаклоит, ишәшьуеит. Ажьырныҳәамза 3 инаркны 10-нӡа иазгәаҭоуп ақәоура.

Аҟәа ақалақь ахадара ахыбра сыла иҭаҳәҳәоуп.

Асубтропикатә ҵлақәа рымахәқәа ашәыб иархәеит.

Асы - зегь реиҳа иаргәырӷьо ахәыҷқәа роуп.

Асап абзиабаҩцәа асгьы аҵаагьы акгьы ианнакылом.

Асы - адуцәагь ихәыҷкәоушәа рхы днарбоит.

Аҟәатәи амаамын ааӡарҭаҿ иҟоу ари амаамын хәыҷы асы агьама абарц аҭаххеит.

Асы анышьҭоу адәаҟны иҟоу аҵлақәеи ашәҭқәеи ахылаԥшра рҭахуп.

Аррамаҵура ԥшӡом, асгьы ианнакылаӡом.

Тәылақәак рыҟны апальма - екзотиказар, Аԥсны азы аекзотика - асы зқәу апальма.

Аҟәатәи "Брехаловка" уаҩ даныҟам амшқәа.

Ауааԥсыра рыдагь асоура еигәырӷьоит аҩнатә ԥстәқәагьы.

Ахәыҷқәа ргәазыҳәара - асыркәымпыл.