Урыстәыла

Иапониа иҟалаз адгьылҵысраан иҭахаз 70-ҩык иреиҳауп

© AP Photo /Hiro KomaeЖенщина едет на велосипеде среди поврежденных домов в городе Ното на полуострове Ното
Женщина едет на велосипеде среди поврежденных домов в городе Ното на полуострове Ното - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2024
Анапаҵаҩра
Иапониа еиқәырццакны адгьылҵысрақәа ҟалеит ашәахьа, ажьырныҳәа 1 азы. Урҭ рахьтә зегь реиҳа иӷәӷәаз 7,6 балл иҟан.
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Иапониа апрефектура Исикава иҭахеит 78-ҩык адгьылҵысра ӷәӷәа ирыхҟьаны, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аԥыза-министр Фумио Кисиду иажәақәа шьаҭас иганы.
"Иапониа апрефектура Исикава иҭахеит 78-ҩык ажьырныҳәа 1 азы иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа ирыхҟьаны, фҩык хабарда ибжьаӡит, 51-ҩык ҳаҽҳазырмадом, 29 ааха ӷәӷәақәа роуит, 321-ҩык ахәра маҷқәа рымоуп", - иҳәеит иара.
Иапониа мраҭашәаратәи ахәҭаҿы инеиқәырццакны адгьылҵысра ӷәӷәақәа ҟалеит ашықәс ҿыц актәи амш аҽны. Урҭ ирыхьӡырҵеит "Адгьылбжьахала Ното аҿы адгьылҵысрақәа". Зеиԥшла ҩ-сааҭк рыла апрефектурақәа Исикавеи Ниигатеи рҿы иҟалеит 30 дгьылҵысра, зегь реиҳа иӷәӷәаз амагнитуда 7,6 балл иҟан. Ари 1885 шықәса раахыс еиҳа иӷәӷәахаз дгьылҵысрахеит. Ацунами ҟалоит ҳәагьы ашәарҭара ыҟоуп.
Ари арыцҳара ашьҭахь ахыбрақәа, амҩақәа, афымцамч ааха рыҭоуп 32 нызқь аҩнқәа рҿы, регионқәак рҿы аӡи аимадареи рзы ауадаҩрақәа ҟалеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0