Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа инхо ауаҩы аметадон иҭиуеит ҳәа даанкылоуп

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОглашение приговора обвиняемым в подготовке теракта в общественной приемной ФСБ на Лубянке
Оглашение приговора обвиняемым в подготовке теракта в общественной приемной ФСБ на Лубянке - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2024
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу имырхит иара идбалаз, иара убас аҭыԥ маӡақәа рҿы уаанӡа ишьҭеиҵахьазгьы аметадон згәылаз аилаҳәарақәа быжьба, уи аԥсуа закәанԥҵара инақәыршәаны даара амҽхак дууп ҳәа иԥхьаӡоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Аҟәа инхо Леонид Адлеиба Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа дааныркылеит анаркотикқәа иҭиуан ҳәа гәҩарас дҟаҵаны. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
47 шықәса зхыҵуа Адлеиба даанкылан Аҟәа Афырхацәа-аҳәаахьчаҩцәа рымҩаҿы. Иара иџьыба иҭан ԥшь-еилаҳәарак, урҭ аметадон ргәылоуп иҳәеит иаанкылаз ихаҭа.
Гәҩарас ирымоу иажәақәа рыла, анаркотик зҭаз ашәыра имаӡоу аҭыԥ аҟынтәи иганы, "Донни" ҳәа хьыӡшьарас измоу идырым аӡәы Telegram аҿы ишиеиҳәоз ала дныҟәон, уаанӡа иара уи ихазы анаркотикгьы имихуан.
Ажәабжьқәа зегьы
0