Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ConIFA анымҩаԥгахо арыцхә еилкаахеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Футболист с мячом
Футболист с мячом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2024
Анапаҵаҩра
Ачемпионат ConIFA World Football Cup 2024 аҵәҭаԥсара мҩаԥгахоит Будапешт жәабран 17-18 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 5 - Sputnik. Ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ConIFA World Football Cup 2024 мҩаԥгахоит Ирактәи Курдисҭан, рашәара 25 инаркны ԥхынгәы 6 рҟынӡа.
Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2023
Аԥсны
Аԥснытәи акоманда алахәхоит ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA-2024
Аԥсни Арцахи ConIFA-2024 ахь анеиразы еицыхәмарраны иҟан рашәара 10 2023 шықәсазы. Ахәмарра мҩаԥгамызт аҟынтә, ачемпионат аиҿкааҩцәа Аԥсны алахәхараы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла алԥшааратә хәмаррақәа рҟынтәи ахы иақәиҭуп, Адунеи ачемпионат ус иалахәхоит.
Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа рконфедерациа еиҿкаан 2013 шықәсазы. ConIFA еиднакылоит официалла FIFA иалам атәылақәеи автономиақәеи еизгоу ркомандақәа, урҭ рхыԥхьаӡара 25 рҟынӡа иҟоуп.
2016 шықәсазы ашьапылампыл азы Европа ачемпионат ConIFA Аԥсны имҩаԥысуан, усҟан Аԥсны еизгоу амилаҭтә команда аиааира агеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0