https://sputnik-abkhazia.info/20240106/1043503303.html
Аоператә нцәахәы: Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭоит
Аоператә нцәахәы: Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭоит
Sputnik Аҧсны
Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭоит ажьырныҳәа 6 рзы. 06.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-06T12:30+0300
2024-01-06T12:30+0300
2024-01-06T12:05+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102336/81/1023368134_0:101:2992:1783_1920x0_80_0_0_4dcf8deb619b20701e793c69e3042957.jpg
Хьыбла Гьерзмааԥҳа диит Пицунда ажьырныҳәа 6 1970 шықәсазы. Дшыхәыҷыз ашәаҳәареи ароиаль арҳәареи далагеит.Хьыбла Гьерзмааԥҳа Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа далганы 1989 шықәсазы дҭалоит Москватәи аконсерваториа, қәҿиарала далгоит 1994 шықәсазы.Раԥхьаӡа акәны Хьыбла Гьерзмааԥҳа аҳәаанырцә азҿлымҳара лоуит 1993 шықәсазы Буссето имҩаԥысуаз аицлабра "Вердиевские голоса" аҟны ахԥатәи апремиа анлоу. Шықәсык анаҩс Испаниа Виниасеи, Санкт-Петербург имҩаԥысуаз Н. А. Римски-Корсаков ихьӡ зху аицлабреи рыҟны аҩбатәи аҭыԥқәа аанылкылоит. Лыстудентә шықәсқәа раан иреиҳаӡоу аԥхьахә, лара лыда ашәаҳәараҿ макьаны аӡәгьы имоуц 1994 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз Чаиковски ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аицлабраҟны Хьыбла агран-при даԥсахоит.Хьыбла Гьерзмааԥҳа иахьа адунеи аоператә сценақәа рыҟны азҿлымҳара ду змоу шәаҳәаҩуп. Лара дықәгылоит иреиӷьӡоу аконцерттә сцена дуқәа - Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавариатәии Римтәии атеатрқәа рыҟны, Венатәи аопера аҟны. Ашәаҳәаҩ адунеи акыр џьара аконцерттә программақәа лыманы агастрольқәа мҩаԥылгоит.Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, иланашьоуп апремиақәа "Триумф", "Иреиӷьу аоператә шәаҳәаҩы" ахьыӡҳәаҟны "Casta Diva", илоуит амилаҭтә театр апремиа "Золотая маска" "Иреиӷьу аԥҳәыс лроль" азы, иара убас иланашьоуп "Золотой Орфей" "Иреиӷьу ашәаҳәаҩ" ҳәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102336/81/1023368134_0:0:2640:1980_1920x0_80_0_0_60eeaf1e6562eed3917f22f1eb9b1133.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Аоператә нцәахәы: Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭоит
Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭоит ажьырныҳәа 6 рзы.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа диит Пицунда ажьырныҳәа 6 1970 шықәсазы. Дшыхәыҷыз ашәаҳәареи ароиаль арҳәареи далагеит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа далганы 1989 шықәсазы дҭалоит Москватәи аконсерваториа, қәҿиарала далгоит 1994 шықәсазы.
Раԥхьаӡа акәны Хьыбла Гьерзмааԥҳа аҳәаанырцә азҿлымҳара лоуит 1993 шықәсазы Буссето имҩаԥысуаз аицлабра "Вердиевские голоса" аҟны ахԥатәи апремиа анлоу. Шықәсык анаҩс Испаниа Виниасеи, Санкт-Петербург имҩаԥысуаз Н. А. Римски-Корсаков ихьӡ зху аицлабреи рыҟны аҩбатәи аҭыԥқәа аанылкылоит. Лыстудентә шықәсқәа раан иреиҳаӡоу аԥхьахә, лара лыда ашәаҳәараҿ макьаны аӡәгьы имоуц 1994 шықәсазы Москва имҩаԥысуаз Чаиковски ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аицлабраҟны Хьыбла агран-при даԥсахоит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа иахьа адунеи аоператә сценақәа рыҟны азҿлымҳара ду змоу шәаҳәаҩуп. Лара дықәгылоит иреиӷьӡоу аконцерттә сцена дуқәа - Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавариатәии Римтәии атеатрқәа рыҟны, Венатәи аопера аҟны. Ашәаҳәаҩ адунеи акыр џьара аконцерттә программақәа лыманы агастрольқәа мҩаԥылгоит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка, иланашьоуп апремиақәа "Триумф", "Иреиӷьу аоператә шәаҳәаҩы" ахьыӡҳәаҟны "Casta Diva", илоуит амилаҭтә театр апремиа "Золотая маска" "Иреиӷьу аԥҳәыс лроль" азы, иара убас иланашьоуп "Золотой Орфей" "Иреиӷьу ашәаҳәаҩ" ҳәа.

Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лирамш азгәалҭоит ажьырныҳәа 6 рзы.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа - адунеи аоператә сценақәа рыҟны азҿлымҳара ду змоу шәаҳәаҩуп.

Лара дықәгылоит иреиӷьӡоу аконцерттә сцена дуқәа - Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавариатәии Римтәии атеатрқәа рыҟны, Венатәи аопера аҟны.

2021 шықәсазы Хьыбла раԥхьаӡа акәны Арена ди Верона асценаҿ иналыгӡеит "Реквием" Верди.

Есышықәса Аԥсны имҩаԥысуа афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" рхы аладырхәуеит Аԥсни, Урыстәылеи, аҳәаанырцәи рҟынтәи ашәаҳәаҩцәа.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа иланашьоуп апремиақәа "Триумф", "Иреиӷьу аоператә шәаҳәаҩы" ахьыӡҳәаҟны "Casta Diva".

Гьерзмааԥҳа 1995 шықәса раахыс Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә театр дасолиступ.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа далганы 1989 шықәсазы дҭалоит Москватәи аконсерваториа, қәҿиарала далгоит 1994 шықәсазы.

Раԥхьаӡа акәны Хьыбла Гьерзмааԥҳа аҳәаанырцә азҿлымҳара лоуит 1993 шықәсазы, Буссето имҩаԥысуаз аицлабра "Вердиевские голоса" аҟны ахԥатәи апремиа анлоу.

Ԥхынгәымза 2021 шықәсазы Урыстәыла ахада Владимир Путин Хьыбла Гьерзмааԥҳа иланеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа, урыстәылатәии адунеитәи аоператә ҟазара арҿиараҿы иҟалҵаз ллагалазы.