Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәба еиҭеиҳәеит аԥсуа жәлар Қьырсаныҳәа иадҳәаланы ирымоу аҵасқәеи ақьабзқәеи ртәы

Ашәба еиҭеиҳәеит аԥсуа жәлар рҟны Қьырсаныҳәа иадҳәалоу аҵас-ақьабз атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, аетнолог Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Қьырсаныҳәа ҳтәылаҟны азгәаҭашьа, атрадициатә дин аҟны иааннакыло аҭыԥ, ажәлар рҟны азгәаҭара, иадҳәалоу аҵас-ақьабз атәы.
Ақьырсианраҿы ихадоу 12 ныҳәа ируакуп Иаса Қьырса иира иадҳәалоу Қьырсаныҳәа. Уи аԥхьа 40 мшы ачгара цоит. Ари амш Аԥсны иныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп. Аԥсуаа жәытәаахыс иазгәарҭоит ари аныҳәа ақьырсиантә ҵасқәа рылагьы, иара убас ажәлар рхатә знеишьақәагьы рыманы.
"Аԥсуаа ари аныҳәа убранӡа ҳаҭырла, патула иазыҟан, ақьырсианра ианыԥшит, еиқәнархеит иара иамаз абзиабара ажәлар рҟынтәи. Аҭыԥҳа хаҵа данцалак, арахә алымҳа хҵәаны, аӡатә ахьыӡҵаны илырҭон. Мчыбжьык - ҩымчыбжьа аԥараҿарпы, иаҳҳәап, агәарашь ҳәа ззырҳәо икылҵәаны лыхәда иахан иӡатәны. Уи нахыс арахә илырҭоз макьаназы ашҭа иҭымҵыцыз, ҿыц зан иаҵнацаз, ицқьаз алымҳа рҟьаны, лаб дыҟазар, уи ирҟьаны иоуижьҭуан, мап анакәха, лашьа иҟаиҵон. Абри иахныҳәаны илырҭон. Ацә ахшар, Қьырсаныҳәа нахыс иршьуан, акәац аҭира ҟаломызт, арыцҳахә ихәы ршон, иааиуаз акрырҿеиҵон, аџьыка адукылар ҟаломызт, иуҵаар ауамызт, иуҵәахыргьы. Иаҳҳәап, аӡӷаб уи знык- ҩынтә илырҭеит, илхамҳазар, аӡатә ҳәа ахьымацәаз ҟаҵаны илырҭон. Убри Қьырсаныҳәа аҽны аишәа инықәҵаны, мрагыларахь ирханы дныҳәон", - иҳәеит Ашәба.
Иара убасгьы дазааҭгылеит қьырсамца аҵакы, ҳбызшәаҟны излеиқәхаз атәы, уи иадҳәалоу ажәабжьқәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0