Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵатәи апарк аҟны автомашьына аӡы иалаҳаит

© Foto / МВД АбхазииПроезд на Рицу без зимней резины запрещен, предупредили в пресс-службе МВД Абхазии
Проезд на Рицу без зимней резины запрещен, предупредили в пресс-службе МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2024
Анапаҵаҩра
Аӡиа Риҵа асы ӷәӷәаны аура иалагеит ажьырныҳәа 12 рзы, асы аҿыгҳара 15 сантиметр иҟан.
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Риҵатәи апарк аҟны автомашьына аӡы иалаҳаит ажьырныҳәа 12 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, асы ӷәӷәаны иахьышьҭоу иахҟьаны амашьынарныҟәцаҩ амашьына аԥсҟы изаанымкылаӡеит. Амашәыр иақәшәаз ахәшәтәырҭахь инагоуп.
АҩАР аҟны иазгәарҭеит, аӡынтәи арезинақәа зҵам амашьынақәа Риҵаҟа ахалара азин шрымам. Иара убас, Аҳәынҭавтоинспекциа иҷыдоу агәыԥ аӡиаҟа ухазгало амҩа зегь аҟны агәаҭарақәа шымҩаԥырго.
Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭаниа иҳәеит жәабала амашьынақәа шьҭахьҟа ишыргьежьыз.
Заснеженные пейзажи озера Рица  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә парк: амашьынақәа аӡиахь рнеиразы уадаҩра ыҟаӡам
Ажәабжьқәа зегьы
0