Урыстәыла

Иԥсҭазаара далҵит апоет апублицист Лев Рубинштеин

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрощание с Людмилой Алексеевой
Прощание с Людмилой Алексеевой - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2024
Анапаҵаҩра
Рубинштеин амашьына исит Москва алада-мрагылара ажьырныҳәа 8 рзы, иҭагылазаашьа шәарҭан ареанимациа дышьҭан.
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Урыстәылатәи апоет, апублицист Лев Рубинштеин иԥсҭазаара далҵит амҽыша, ажьырныҳәа 14 рзы ҳәа лҳәеит иԥҳа.
"Саб, Лев Рубинштеин иахьа иԥсҭазаара далҵит", - ҳәа "Живой Журнал" лхатәы даҟьаҿ ианылҵеит амҽыша.
Москва алада-мрагылара ажьырныҳәа 8 рзы Рубинштеин амашьына исит, 76 шықәса зхыҵуа апоет иҭагылазаашьа бааԥсны Склифосовски ихьӡ зху ахәшәтәырҭахь днаган.
Рубинштеин диит жәабран 19 1947 шықәсазы. Урыстәылатәи апоет, апублицист, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, ишәҟәы "Знаки внимания" азы ианашьан алитературатә премиа "НОС-2012".
Ажәабжьқәа зегьы
0