https://sputnik-abkhazia.info/20240116/zhlar-irylyz---zhlar-irzyshao-apoet-mushni-lashria-aliteratura-aarakyrakh-ima-1049831555.html
Жәлар ирылҵыз - жәлар ирзышәаҳәо: апоет Мушьни Лашәриа алитература аҳаракырахь имҩа
Жәлар ирылҵыз - жәлар ирзышәаҳәо: апоет Мушьни Лашәриа алитература аҳаракырахь имҩа
Sputnik Аҧсны
Ҳаамҭазтәи аԥсуа литература аклассик, Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы 86 шықәса ихыҵуеит. 16.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-16T14:00+0300
2024-01-16T14:00+0300
2024-01-16T14:01+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/0c/1043579332_0:42:781:481_1920x0_80_0_0_429216c6dc3b1a41f2b8681a4501875d.jpg
Мушьни Лашәриа диит ажьырныҳәа 16 1938 шықәса рзы Кәтол ақыҭан. Алагарҭатә ҵара иоуит иқыҭа гәакьаҿ, анаҩс, 1953 шықәса рзы дҭалеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә училишье.Мушьни Лашәриа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол дышҭаз, аха урҭ акьыԥхь рбеит 1955 шықәса рзы. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга ҭыҵит 1963 шықәса рзы, уи ашьҭахь иара ԥсра зқәым аҩымҭақәа аԥҵо, ихьӡ наунагӡа аԥсуа литература аҭоурыхтә ианхалартә иҟаиҵеит, иахьа уажәраанӡагьы арҿиара инапы алакуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/01/0c/1043579332_42:0:739:523_1920x0_80_0_0_09466eed34d8d772f71733aa0a2c3819.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Жәлар ирылҵыз - жәлар ирзышәаҳәо: апоет Мушьни Лашәриа алитература аҳаракырахь имҩа
14:00 16.01.2024 (ирҿыцуп: 14:01 16.01.2024) Ҳаамҭазтәи аԥсуа литература аклассик, Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы 86 шықәса ихыҵуеит.
Мушьни Лашәриа диит ажьырныҳәа 16 1938 шықәса рзы Кәтол ақыҭан. Алагарҭатә ҵара иоуит иқыҭа гәакьаҿ, анаҩс, 1953 шықәса рзы дҭалеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә училишье.
Мушьни Лашәриа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит ашкол дышҭаз, аха урҭ акьыԥхь рбеит 1955 шықәса рзы. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга ҭыҵит 1963 шықәса рзы, уи ашьҭахь иара ԥсра зқәым аҩымҭақәа аԥҵо, ихьӡ наунагӡа аԥсуа литература аҭоурыхтә ианхалартә иҟаиҵеит, иахьа уажәраанӡагьы арҿиара инапы алакуп.

Мушьни Лашәриа (ахԥатәи хыхь армарахьтәи аган аҿы) иклассаа рыгәҭа – Кәтолтәи аашықәсатәи ашкол аушьҭымҭацәа, 1953 шықәса.

Апоет иԥсадгьыл аҟны адагьы, деицырдыруеит уи анҭыҵгьы. Мушьни Лашәриеи аҳәаанырцәтәи арҿиаҩцәеи аимадарабзиақәа рыбжьан, ирыбжьоуп иахьа уажәраанӡагьы. Ари афото аҿы иареи аурыс шәҟәыҩҩы Алексеи Твардовскии, 1965 шықәса.

Мушьни Лашәриа (ахԥатәи хыхь армарахьтәи аган аҿы) активла далахәын Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭаҿы еиҿкааз алитературатә гәыԥ аусура, 1957 шықәса.

Ари афото ҟаҵан алитературатә гәыԥ аилатәараан - Мушьни Лашәриа иҩызцәа иҩымҭақәа руак дырзаԥхьоит.

Мушьни Лашәриа рҿиаҩык иаҳасабала ишьақәгылареи иеизҳареи аамҭақәа мҩаԥысит Москва, Алитературатә институт аҿы аҵара аниҵоз.

Аԥсны Жәлар рпоет иԥшәмаԥҳәыс еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Аслан Оҭырба иԥҳа Елена лакәын.

Аслан Оҭырба иҭаацәа: иԥшәма Татиана Оҭырба-Конџьариа, иԥҳацәа Елена, Алла, Лиудмила, имаҳә Мушьни Лашәриа.

1982 шықәса рзы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа гәыԥҩык рфото еицҭырхит Кәыдры аӡиас иаԥну адгьылқәа рахь ныҟәара ианыҟаз. Армарахьтә арӷьарахь: Никәала Ҳашыг, Алықьса Гогәуа, Мушьни Лашәриа, Алықьса Џьениа, Алықьса Џьонуа, Владимир Анқәаб, Кәымф Ломиа, Никәала Кәыҵниа.

Мушьни Лашәриеи Елена Оҭырԥҳаи (лыԥсҭазаара далҵит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь) ирааӡеит ҩыџьа аԥҳацәа.

Ари афото аҿы еицырдыруа апоет Андреи Вознесенскии Мушьни Лашәриеи асахьаркыратә ажәа еимырдоит, 1984 шықәса.

Мушьни Лашәриа гәык-ԥсыкала аԥсуа милаҭтә маҭәа бзиа ибоит. Иара уи ишәҵаны асасцәа дахьқәа дырԥылоит, аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа уҳәа идикылоит Кәтол ақыҭан игәараҭаҿы.

Аԥсны Жәлар рпоет идгыланы рпатреҭ ҭырхыр рҭахуп адунеи аҿы еицырдыруа аеҵәахәқәагьы, иаҳҳәап ашәаҳәаҩ Миреи Матье.

Мушьни Лашәриа напхгара аиҭоит Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша, Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа, иара убри аан арҿиара дшаҿыц даҿуп.

2010 шықәса рзы Урыстәыла ахада Дмитри Медведев Мушьни Лашәриа ииҭеит А.С. Пушкин ихьӡ зху амедал еицырдыруа ароман "Евгени Онегин" аԥсшәахь иахьеиҭеигаз азы.

Аԥсны иҟаз Урыстәыла уаанӡатәи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриеи Аԥсны Пушкин иирамш аназгәарҭоз.

2018 шықәса рзы, 80 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Мушьни Лашәриа "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара ианеишьеит.