Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Қьырса Иӡаахра амш иазку анцәаимҵаныҳәарақәа Аԥсны аус зуа ауахәамақәа зегьы рҿы иҟалоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Крещенская служба в Сухумском Кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы
Крещенская служба в Сухумском Кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2024
Анапаҵаҩра
Адунеи ақьырсианцәа Қьырса Иӡаахра амш азгәарҭоит ажьырныҳәа 19 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥгахоит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку анцәа имҵаныҳәара, абри атәы иҳәеит Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа).
Арҭ амшқәа рзы ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа аныҳәарақәа Аӡаахра иадҳәалоуп. Ажәытәан Иаса Қьырса иирагьы иӡӡаахрагьы мышкы иазгәарҭон. Иара ихазы аҽӡаахра ԥсыхәа амамкәан иҟамызт. Аӡы иҽӡааихит, иҽҭишьит, уи ала адунеи аӡқәа зегьы ррыцқьаразы. Ари аныҳәазы ишыхьҭоугьы, изылшо, згәы иаҭаху аӡы иҭалоит ҩнуҵҟалагьы, цәеижьлагьы аҽрыцқьаразы.
Аныҳәа традициа хаданы иазыҟоуп аӡы аԥшьара. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽынгьы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убасгьы ари амш аҽны имҩаԥыргоит аӡаахрақәа.
Ажьырныҳәа 19 (ажәытә стиль ала ажьырныҳәа 6) рзы Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа. Аныҳәа иара убасгьы Анцәаибара ҳәа иашьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0