Дырмит Гәлиа ииубилеии агазеҭ "Аԥсны" аҭыҵреи аныҳәа азгәаҭаразы аилацәажәара мҩаԥысит
23:23 22.01.2024 (ирҿыцуп: 11:22 23.01.2024)
© Sputnik / С. КоротковНародный поэт Абхазии Дмитрий Гулиа.
© Sputnik / С. Коротков
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵреи азгәаҭараз иаԥҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа раԥхьатәи реилатәара мҩаԥигеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
"Дырмит Гәлиа- ҳаԥсуа литературеи ҳҭоурыхи ашьҭа ду азынзыжьыз, еицырдыруа хаҭароуп. Агазеҭ "Аԥсны"- амилаҭтә мазароуп. Арҭ арыцхәқәа ҳаракыла иазгәаҳҭароуп", - иҳәеит Гәынба.
Иалкаау:
Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҭашьақәыргылара-арҽеиратә усурақәа мҩаԥгатәуп лҳәеит ахыбра аиҳабы Светлана Қорсаиа.
Ажурнал "Алашара" аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа иҳәеит, ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа ирызку Гәлиа иажәеинраалақәа зну аброшиура аҭыжьра ргәы ишҭоу.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба апансионат "Литфонд" аҟны алитературатә хәылԥазы амҩаԥгаразы ажәалагала ҟаиҵеит, уахь ааԥхьара рыҭахар ҟалоит егьырҭ атәылақәа рҟынтәи апоетцәа, аиҭагаҩцәа, Гәлиа иҟазара аҭҵааҩцәеи абзиабаҩцәеи.
Агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Ахра Анқәаб иҳәеит шәышықәса ирылагӡаны агазеҭ ианылахьаз иреиӷьӡоу астатиақәа реизга шҭрыжьуа.
Аԥсуа телерадиоеилахәыра аиҳабы Ирина Агрԥҳа илҳәеит ишеиҿкаахо Дырмит Гәлиа Аԥсны аҭоурых аҟны ироль иазку акультура-арккаратә еиҿцәажәарақәа.
Апрофессор Џьулетта Адлеиба илҳәеит ААУ аҟны аҭҵаарадырратә конференциа шымҩаԥырго.
Гәлиа ирҿиаратә мҩеи иԥсҭазаареи ирызку афильм ҭыхзарц ажәалагала ҟаҵан.
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, арккаҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист, иара убас аԥсуа алфавити анбаншәҟәи равтор Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы.
Раԥхьатәи аԥсуа газет "Аԥсны" ҭыҵит жәабран 27, 1919 шықәсазы. Апериодикатә кьыԥхь аҭыҵра амш, Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа ирымшны иԥхьаӡоуп.