Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа апрокуратура Урыстәыла атәылауаҩ Олеиник лганахь ала ацәгьа уын ҳәа адырра ҭнаҵаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПрокуратура Сухума
Прокуратура Сухума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Аҟәа ақалақь апрокуратура ԥхынҷкәын 27 аахыс зхабар ыҟам Урыстәыла атәылауаҩ Софиа Олеиник лганахь ала ацәгьа уын ҳәа адырра ҭнаҵаауеит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
"Уажәтәи аамҭазы имҩаԥысуеит зыда ԥсыхәа ыҟам аусҭҵааратә усқәа, апроцессуалтә уснагӡатәқәа – Олеиник дахьыҟоу ашьақәыргыларази лыӡра шыҟалаз ази", - аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аԥсны АҩАР, аҩнуҵҟатәи аусқәа араионтәии ақалақьтәии усбарҭақәа, Аԥсны АШәМ русзуҩцәа Олеиник лыԥшаара иаҿуп.
Ацәгьауразы адырра аҭҵаара алҵшәақәа рыла ирыдыркылараны иҟоуп ашьаус ахацыркра мамзаргьы ашьаус ахацыркра мап ацәкразы аӡбамҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0