Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габлиа Бубнова лусумҭақәа ҩба рҭагылазаашьазы: ишыҟазҵәҟьа иаанхеит сызҳәом, аха еибгоуп

Габлиа Бубнова лусумҭақәа ҩба рҭагылазаашьазы: ишыҟазҵәҟьа иаанхеит сызҳәом, аха еибгоуп
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Амилаҭтә галереиа амцакра ашьҭахь аҩныҟа иигаз Варвара Бубнова лусумҭақәа ирҭагылазаашьоу атәы.
Аусумҭақәа анаазгоз рҭагылазаашьа бааԥсын ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Габлиа.
"Шәазхәыц, аџыр иалхыз аскульптурақәа ӡҭызар, ақьаад ҵаӷа иалхыз шыҟоу. Акызыҵәык еиқәзырхаз, асаркьа аҵаҟа иахьыҟаз ауп. Сшәон, ибааӡар ашәыгақәа иахьыхәхәо иҟалар ҳәа, аха ус иҟамлаӡеит. Ишыҟазҵәҟьа иаанхеит сызҳәом, аха 80% еибгоуп рыҩбагьы. Исырбеит. Изҭаз ԥхасҭахеит, дара аусмҭақәа икыдыргыланы акәымкәа шьҭаҵаны аԥша рыдышәшәало исымоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Асахьаҭыхҩы иҳәеит, аусумҭақәа руак шпеизажу, егьи шпортрету. Исзеиқәырхозар ҳәа Сурам Сақаниа (аред. - амилаҭә галериа аиҳабы) сиазҵааны сыҩны аҩныҟа сааны арбара салагеит ҳәа еиҭеиҳәеит Габлиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0