Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Досу ихатә џьар ихала иныҟәигоит": аџьар акульт аԥсуаа рҿы

© Sputnik / Alexei Danichev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФигура ангела на соборе Петра и Павла в Санкт-Петербурге
Фигура ангела на соборе Петра и Павла в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ҳҟны аџьар акульт дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Кавказаа аџьар рамҵахырхәара ажәытәӡатәи аамҭақәа рахь иаҵанакуеит ҳәа азгәарҭоит аҵарауаа џьоукы. Иаҳҳәап, Леонти Лиулье ачерқьезцәа разхаҵарақәа дырзааҭгыло иҩуеит, урҭ амҿтәы џьарқәа ирымҵахырхәон ҳәа. Кавказ ажәларқәа аӡәырҩы рҟны еиԥш, аԥсуаа рҿгьы аџьар акульт аҵла ԥшьақәа рымҵаныҳәара ("священные рощи") иадырҳәалоит.
Абар Шьалуа Инал-иԥа уи атәы шиҩуа: "Аԥсуаа аџьар иамҵахырхәон, уи аҵла ԥшьақәа рыгәҭа идыргылон. Аџьар амҵахырхәара ажәытәӡатәи аамҭақәа рҟынтәи ишаауа убарҭоуп, аха уи ахархәара аман амырҭаҭратә хаҵарақәеи ақьырсианреи анеилалагьы", - ҳәа иҩуеит аҵарауаҩ.
Зегь реиҳа иԥшьоу ҵланы аԥсуаа иршьо аџьҵла ауп- убриаҟнытә машәырымзар ҟалап ҳәа сгәы иаанагоит ажәа "аџьар" ашьаҭаҿы "аџь" ахьагәылоу. Аханатә изымҵахырхәоз иԥшьоу аџьҵла анеҩс аџьар амҵахырхәарахь ииаган. Иҳәатәуп, ақьырсианра аларҵәаҩцәа мчыла, еибашьрала акәымкәа, амилаҭ разхаҵарақәа рхы ишадырхәоз. Урҭ иреиуоуп, иаҳҳәап, иԥшьоу аҵлақәа ирцәыхарамкәа ауахәамақәа рыргылара. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжазгьы Лӡаа ақыҭан игылан акыр зхыҵуаз аџьҵла дуқәа хәба, иԥшьоу ҳәа аԥсуаа иршьоз, ауахәамахаҵаҩцәа уаҟа ауахәама маҷ аргылара алдыршеит. "Убас ала, ҳара, ақьырсианцәа, иҳаԥшьеит амырҭаҭратә ҭыԥ", - ҳәа лыҩуан лныҟәаратә анҵамҭақәа рҿы аграфиниа Уварова.
Село Ачандара в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Аԥсны
Аԥсуаа рҿы аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи, рҵаки
Иара убас, Шьалуа Инал-иԥа иҩуеит Бамбора ақыҭан игылаз аџьҵла адац аҿы Анцәа иан лныха аман ҳәа, ацәгьара зуз аӡәы уи аџьҵла дамҵагылар, илакьысуамызт, убасҟак иршьон ари аҭыԥ, кьыс змам акы акәны иԥхьаӡан, уи "аныха дакуеит" ҳәа иԥхьаӡан.
Аџьар акульт иԥшьоу аҵлақәа рҟынтәи ахы акуа иаҳбоит аӡәырҩы егьырҭ ажәларқәа рҟынгьы. Аха иазгәаҭатәуп ауахәамахаҵаҩцәа, ақьырсианцәа ишрыҟазшьоу еиԥш, аџьар асахьа гәыдкыло, мамзаргьы аџьар ала рхы рыԥшьо иҟарҵом ҳәа лыҩуан лара аграфиниа Уварова леиԥш, аџьар акульт атәы аԥхьа аӡбахә зҳәахьаз Реигенсгьы. Константин Маҷавариани иакәзар иазгәеиҭон: "Иџьашьатәуп, Аиқәырхаҩ иӡбахә маҷны издыруа, иеихырымхәо аԥсуаа, заҟа аџьар ҳаракны иршьо" ҳәа.
Уаанӡатәи ҳанҵамҭақәа рҟынгьы аӡбахә сҳәахьан амҿтәы џьар хәыҷқәа ахархәара шрымаз ахыхьчаратә магиаҿы (алакәымҳа-амхурсҭа ахьчараз иҟарҵоз атрибут - агәҭа амҿтәы џьар алагылан). Абасала аџьар азхаҵара иацыз аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы аҭыԥ ду шааннакылоз убоит. Уи аныԥшуеит ҳбызшәагьы. Иаҳҳәозар, аџьар ианыԥшуеит Аиқәырхаҩ игәаҟрақәа, иџьа, ҳбызшәаҟны иҟоуп ажәа лымкаа "уанаџьалбеит", шамахамзар ахархәара амоуп згәы кыдгылаз, цәгьарак иақәшәаз ауаҩы иахь ирханы. Ажәа "аџьар" ахаҭагьы "ажәлар" рҵакала ахархәара анамоу ыҟоуп – "аџьажәлар" - "аџьа збо ауаа". Ажәақәа "аџьабара", "дџьабоит", "аџьабара иалагылоу" - "зхатә џьар иаҵалаз" иреиуоуп уҳәар ауеит.
Грецкий орех  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
"Еиҭоумҳаз аҵла аԥҟара мариоуп": абжьгара-лабжьаратә ҵакы змоу ажәаԥҟақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0