Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Коӷониа иаадрыхуа апатырџьан азы: аӡын Аԥсны мацара иаҳҭиуеит

Коӷониа иаадрыхуа апатырџьан азы: аӡын Аԥсны мацара иаҳҭиуеит
Анапаҵаҩра
Иахьа аџьармыкьаҿы аахәаҩ идыргалома аҭыԥантәи ауҭраҭых, иаагозар апатырџьан (апомидор - азгә). Уи аӷьырак ахьаадрыхуа, ҳтәылаҿы ақыҭанхамҩатә комплексқәа ирыԥсҭазаашьоу, аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа анаҩс анҭыҵ аусуразы лшарақәас ирымоу, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩатә комплекс "Кындыӷ-агро" аиҳабы Алик Коӷониа.
Мызкы апатырџьан ианаамҭоу 100 тоннак рҟынӡа иаадрыхуеит, аӡын 20 тонна инарзынаԥшуа. Аҽаҩра бзиа аныҟоу 20% рҟынӡа аҭыԥантәи аџьармыкьахь инаҳгоит, егьи аалыҵ зегьы Краснодарҟа идәықәҳҵоит "Магнит" адәқьанқәа рахь ҳәа иҳәеит Коӷониа. Иара иазгәеиҭеит, аӡын иаадрыхуа апатырџьан зегьы Аҟәатәи аџьармыкьахь ишнарго. Аусдкылаҩцәа рзы иаҳа ифеидоуп аҭыԥан аалыҵ аҭира, аха ахкқәа рацәаны ирзаарыхуам, насгьы аҽаҩра еснагь еиԥшӡам иҳәеит Коӷониа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0