Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аамҭа-аамҭала алашара арцәара аҿҳәара шьақәмыргылакәа инахоуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Отключение света
Отключение света  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны мраҭашәаратәи атәи ахәҭеи Аҟәеи ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы алашара роуеит Урыстәылантәи. Уаанӡатәи адыррақәа рыла урыстәылатәи аган иахьынӡахәҭоу ареспублика лашарала иазеиқәыршәом.
АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik. Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара аҿҳәара шьақәмыргылакәа инахоуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Ҭимур Џьынџьал.

"Есыҽны урыстәылатәи аган иаҳнаҭар алшо алимит ҳнардыруеит. Уи инақәыршәаны ҳус еиҿаҳкаауеит. Ҳара ҳазҳәаз амҽхак аусурамшқәа раан ирызҳаҭаӡом, аԥсшьарамшқәа раан, уи рыҽҭарыгӡоит", - иҳәеит иара.

Џьынџьал иҳәеит алашара арцәара атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҿы уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ҩ-сааҭк шақәшәо.
Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭеи Аҟәеи аамҭа-аамҭала алашара арцәара иалагеит ажьырныҳәамза 26 инаркны. Аԥкрақәа Урыстәыла аладатәи арегионқәа рҿы афымцамч ахархәара иахьазҳаз иахҟьеит, иара убас Ростовтәи АЕС аԥшьбатәи аблок планла иазгәаҭаз аремонт ахьымҩаԥгатәуи, Новочеркассктәи ГРЕСи Донбасстәи афымцамчсистемеи рҿы афымцамчаԥҵаратә маругақәа рҿы авариатә ремонтқәа ахьымҩаԥгатәуи ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0