Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра аусура алҵшәа иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра аусура алҵшәа иазкны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит 2023 шықәса рзы имҩаԥгаз аусура атәы, русура еиҳарак иззырхоу, насгьы сынтәа иазгәаҭоу апроектқәа ртәы.
Ибрагим Аҩӡба иажәақәа рыла, зегьы реиҳа ихадоу рус акәны иҟоуп Аԥснынтә Ҭырқәтәыла аҵара зҵо 54-ҩык аҿар ирԥыло ауадаҩарақза рыӡбара шаку. Аҵара ахьырҵо ақалақьқәа рҿы иҟоу афедерациақәа еснагь ишрымадоу.
Аҩӡба еиҭеиҳәеит, аҿар еиҳагьы агәыбылра рыбжьаларцаз ирзырхоу апроект атәы. Ус еиԥш ргәы иҭоуп уа аҵара зҵо рыԥсшьараамҭазы Аԥсныҟа ианыхынҳәуа аамҭазы ҳџьынџьуаа иреиуоу аҿар ирыцны раашьҭра. Аԥсны ақыҭақәа рҿы инхарцаз, абызшәа рҵарцаз, анаҩс Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟагьы убас рышьҭра. Убри алҵшәа алҵуеит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Анаҩс Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак иҿцәажәараҿы иҳәеит, амҩа азҵаара зегь реиҳа иҵарны ишықәгылоу.
"Аиҭанеиааира ҟалаӡом амҩада. Амшынла уи алыршахарцаз Ҭырқәтәылеи Аԥсни ирыӡбараны иҟоу азҵаарақәа ҳрышьҭоуп. Иагьалҵуеит ҳәа агәыӷра сымоуп. Даара ибзианы ари аганахьала, аусура нагоуп. Трабзон- Шәача ала ҳалагап ҳәа азгәаҭоуп", - иҳәеит Аҩӡба.
Аиҿцәажәараҿы Ибрагим Аҩӡба иара убасгьы еиҭеиҳәеит, ҳџьынџьуаа аԥсшәа дырҵаразы иҟоу алшарақәа ртәы, уи аганахьала арҵаҩцәа разымхара азҵаара шырыӡбо.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0