Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Тәанба: амилаҭтә галереиа ахыбра абжа аҟаҵаразы апроект аиқәыршәара хацыркуп

Тәанба: амилаҭтә галериа ахыбра абжа аҟаҵаразы апроект аиқәыршәара хацыркуп
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр идҵи инақәыршәаны Аԥсуаҭҵааратә институти, Гәлиа имузеи, Бедиатәи ауахәамеи рҟны иаарласны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагатәуп. “Аԥсныргылара” имҩаԥнагахьоу аҭҵаарақәеи, излалаго аусқәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳҿеит "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
Аԥыза-министр иҿы имҩаԥысыз аиԥылараҿы ҳазлацәажәаз иблыз агалереиа иаԥсыхәо, аусумҭақәа иҟоу ахьиагатәу, агалериа ҟалараны иахьыҟоу ахыбраҿы зыда ԥсыхәа амам имҩаԥгатәу аусурақәа роуп, иҳәеит Тәанба.
"Ахан дууп, ҳаакәшан иаразнак иаҳзыҟаҵаӡом, ҩба-хԥа уада, аусзуҩцәа ахьтәо, иаанхаз аусумҭақәа ахьыҩнаҳҵо, ҳахәаԥшны игәаҳҭоит. Иахьа аобект аҿы инеины апроект аиқәыршәаразы аусурақәа мҩаԥган. Иахьа ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа ҳахәаԥшуан ахыбра. Апроект анааҟалалак аԥыза-министр иҿы инагахоит. Аекспертиза ҳанахыслак аусурақәа ирылагахоит. Зыда-ԥсыхәа змам аусурақәа мҩаԥгахоит, ҳбиуџьетгьы иалшартә еиԥш", -иҳәеит Тәанба.
Иара иажәақәа рыла ари ашаықәс иалагӡаны агалереиа иҩналартә еиԥш иҟаҵатәуп, иара убас Гәлиа имузеи акапиталтә ремонт ҟаҵатәуп. Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбраҿы апрокуратура аусурақәа шаамҩаԥнагалак, ҳара ҳаҩналоит, иҳәеит Тәанба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0