https://sputnik-abkhazia.info/20240203/aakha-ialua-asha-tsa-aynaa-ak-kauman-aynaa-asua-eisha-aetiket-any-1050006640.html
"Аӡахәа иалҵуа ашьа цқьа, аҩынаҳа, ак каумҭәан…": аҩынаҳа аԥсуа еишәа аетикет аҟны
"Аӡахәа иалҵуа ашьа цқьа, аҩынаҳа, ак каумҭәан…": аҩынаҳа аԥсуа еишәа аетикет аҟны
Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа ҳҵас, ҳқьабзқәа рыҟны, аишәа амҩаԥгараҟны иалкаау аҭыԥ аанызкылоз аҩынаҳаҩ изкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма... 03.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-03T18:55+0300
2024-02-03T18:55+0300
2024-02-03T18:55+0300
аԥсны
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/05/1031782099_0:260:2065:1422_1920x0_80_0_0_29257bcce5ff87f67d8db92f366ba4e5.jpg
Ажь ааӡареи аҩы аҭаҭәареи аԥсуаа рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иҟоуп. Уи ашьаҭақәа ажәытәӡатәи аамҭақәа рҟынтәи ишаауа унарбоит хыԥхьаӡара рацәала ирааӡоз ажьхкқәа. Урҭ рхыԥхьаӡара шәкы инареиҳауп. Аҩы – аԥсуа еишәа зда ҟалашьа амам рыжәтә хкуп. Аха ари баша рыжәтәым, аԥсуаа уи харгалоит аритуалтә зыҟазаашьа аҟынӡа. Еиуеиԥшым аныҳәарақәа раан иара аритуалтә функциа нанагӡоит. Аишәа аҵас атәы уҳәозар, хазы иалкаан рыӡбахә ҳәатәуп аҩынаҳацәа. Иахаану маҷым ааскьанӡагьы аишәачарақәа рҟны иҟаз аҩынаҳара атрадициа. Аишәачара анаҳҳәо – ари ачара ду мацара акәым, аҩны сасык данырҭазгьы аҩынаҳа аишәа дадгылазар акәын, дахылаԥшлар акәын. Ачара дуқәа рҟны шамаха ҩынаҳацәас иҟаз аҷкәынцәа-аҿарацәа ракәын. Ҭаацәашәала ианеидтәалаз аҩынаҳаҩыс дҟалар алшон аҭыԥҳагьы. Аҩынаҳа заа далырхуан, уи идыруан аҭакԥхықәра шидыз. Аишәа дуқәа рҟны аҩынаҳаҩцәа рацәаҩын, аӡәымызт, ҩыџьамызт. Урҭ мыцхә ажәа мҳәаӡо, аишәа иадтәалоу реицәажәара еиламго рус нарыгӡон. Дара ирус хадаз аталбошь (атамада) инаиркны аҵәца аанызкылоз зегьы раҵәца ааҭацәаанӡа арҭәракәын. Уи адагьы атамада иныҳәаҿақәа аӡәы имаҳазар иарбан ҵәыцоу, иарбан ныҳәаҿоу изызку иаиҳәар акәын. Убри аҟнытә аҩынаҳа аҩы аҭаҭәара адагьы аныҳәаҿақәа дырзыӡырҩуан, игәникылон, реишьҭагылашьа ицәеиламҩашьар акәын, аӡәы ныҳәаҿак ҽаӡәы изирхозаргьы "абри исызиаҳә" ҳәа аҩынаҳаҩ ила иажәа иззиҭахыз иҟынӡа инаигон. Ҩынаҳацәас иалырхуан агәырҵҟәыл бзиа змаз, еилҟьаеилӷәыцәыз арԥарцәа. Аҩынаҳацәа иалкааз аҭыԥ шрымаз убоит дара хазы иалкааны ирзыркуаз аныҳәаҿа, ирзыҟарҵоз аҳамҭақәа рылагьы. Абырзентә мифологиаҿы иааҳгозар, Олимп иқәтәаз Зевс диман иара лымкаала дыззыҟаз аҩынаҳа, уи Ганимед – Троиантәи аҳи аӡы анцәахәи рԥа иакәын. Зевс иара ԥсра иқәымкәа, дқәыԥшны дҟаиҵеит. Аҩынаҳа истатус ҳаракын аханатә, аха аамҭа цацыԥхьаӡа, уи аҽаԥсахуа иалагеит, ҳаамҭазы акәзар зынӡаск ахархәара амам, иара ажәа "аҩынаҳа" шьҭа иуаҳауам, издыруа шмаҷымгьы. Аҩынаҳа изыркхьеит ажәа лыԥшаахқәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи, дара ҳбызшәа наӡаӡазтәуа иреиуоуп ҳҳәар имцымзар ҟалап.
https://sputnik-abkhazia.info/20201128/Aamadara-amagasha-acharay-aamazti-asakhraei-ui-akhaaei-1031362427.html
https://sputnik-abkhazia.info/20191102/Akay-Aardan-Amlakh-aakha-azh-ay-asuaa-rkulturay-1026939050.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231107/Zan-diashou-zab-dkhakhou-zya-dkhagou-ay-anyaraa-rny-iaannakylo-ay-1028599705.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/05/1031782099_0:250:2065:1799_1920x0_80_0_0_90e91a91aa99dad014ce56860d8a950e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
аԥсны, жәлар рдоуҳа
"Аӡахәа иалҵуа ашьа цқьа, аҩынаҳа, ак каумҭәан…": аҩынаҳа аԥсуа еишәа аетикет аҟны
Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Аԥсуаа ҳҵас, ҳқьабзқәа рыҟны, аишәа амҩаԥгараҟны иалкаау аҭыԥ аанызкылоз аҩынаҳаҩ изкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа иахьа иҳадалгало анҵамҭа.
Ажь ааӡареи аҩы аҭаҭәареи аԥсуаа рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иҟоуп. Уи ашьаҭақәа ажәытәӡатәи аамҭақәа рҟынтәи ишаауа унарбоит хыԥхьаӡара рацәала ирааӡоз ажьхкқәа. Урҭ рхыԥхьаӡара шәкы инареиҳауп.
Аҩы – аԥсуа еишәа зда ҟалашьа амам рыжәтә хкуп. Аха ари баша рыжәтәым, аԥсуаа уи харгалоит аритуалтә зыҟазаашьа аҟынӡа. Еиуеиԥшым аныҳәарақәа раан иара аритуалтә функциа нанагӡоит. Аишәа аҵас атәы уҳәозар, хазы иалкаан рыӡбахә ҳәатәуп аҩынаҳацәа. Иахаану маҷым ааскьанӡагьы аишәачарақәа рҟны иҟаз аҩынаҳара атрадициа. Аишәачара анаҳҳәо – ари ачара ду мацара акәым, аҩны сасык данырҭазгьы аҩынаҳа аишәа дадгылазар акәын, дахылаԥшлар акәын. Ачара дуқәа рҟны шамаха ҩынаҳацәас иҟаз аҷкәынцәа-аҿарацәа ракәын. Ҭаацәашәала ианеидтәалаз аҩынаҳаҩыс дҟалар алшон аҭыԥҳагьы.
Аҩынаҳа заа далырхуан, уи идыруан аҭакԥхықәра шидыз. Аишәа дуқәа рҟны аҩынаҳаҩцәа рацәаҩын, аӡәымызт, ҩыџьамызт. Урҭ мыцхә ажәа мҳәаӡо, аишәа иадтәалоу реицәажәара еиламго рус нарыгӡон. Дара ирус хадаз аталбошь (атамада) инаиркны аҵәца аанызкылоз зегьы раҵәца ааҭацәаанӡа арҭәракәын. Уи адагьы атамада иныҳәаҿақәа аӡәы имаҳазар иарбан ҵәыцоу, иарбан ныҳәаҿоу изызку иаиҳәар акәын. Убри аҟнытә аҩынаҳа аҩы аҭаҭәара адагьы аныҳәаҿақәа дырзыӡырҩуан, игәникылон, реишьҭагылашьа ицәеиламҩашьар акәын, аӡәы ныҳәаҿак ҽаӡәы изирхозаргьы "абри исызиаҳә" ҳәа аҩынаҳаҩ ила иажәа иззиҭахыз иҟынӡа инаигон.
Ҩынаҳацәас иалырхуан агәырҵҟәыл бзиа змаз, еилҟьаеилӷәыцәыз арԥарцәа. Аҩынаҳацәа иалкааз аҭыԥ шрымаз убоит дара хазы иалкааны ирзыркуаз аныҳәаҿа, ирзыҟарҵоз аҳамҭақәа рылагьы. Абырзентә мифологиаҿы иааҳгозар, Олимп иқәтәаз Зевс диман иара лымкаала дыззыҟаз аҩынаҳа, уи Ганимед – Троиантәи аҳи аӡы анцәахәи рԥа иакәын. Зевс иара ԥсра иқәымкәа, дқәыԥшны дҟаиҵеит.
Аҩынаҳа истатус ҳаракын аханатә, аха аамҭа цацыԥхьаӡа, уи аҽаԥсахуа иалагеит, ҳаамҭазы акәзар зынӡаск ахархәара амам, иара ажәа "аҩынаҳа" шьҭа иуаҳауам, издыруа шмаҷымгьы. Аҩынаҳа изыркхьеит ажәа лыԥшаахқәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи, дара ҳбызшәа наӡаӡазтәуа иреиуоуп ҳҳәар имцымзар ҟалап.