Аекономист атәыла ахатә биуџьет аизырҳаразы: хар амам
Аекономист атәыла ахатә биуџьет азы: хар амам
Анапаҵаҩра
2020 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа атәыла ахатә биуџьет ҩынтә иазҳаит. 2020 шықәсазы ахатә биуџьет 4 млрд 800 млн ыҟазҭгьы, 2023 шықәсазы 9 млрд 800 млн рҟынӡа инаӡеит. Абри атәы иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳаҩсыз ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо. Ахатә хашәала аизҳара зыбзоурахаз, аԥара ахә анкаҳауа аамҭазы уи ахьынӡаҳныԥшуа атәы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аекономикеи азини ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.
"Иахьа уахәаԥшуазар хар амамкәа иҟоуп уҳәар ауеит (ахатә биуџьет аизҳаразы - азгәаҭа). Иумбар залшом аҩнуҵҟа иҳарҳауа, ахашәала иаҳа ишазҳаз. Убри даара угәы ҟазҵо усуп. Мзызс иамаз, ҟазшьас иамаз ҳәа уахәаԥшуазар, иаразнак иузыҳәом, иара аҳәынҭқарра ахадараҟынгьы ҩынтә-хынтә ирҳәахьеит, ахылаԥшра азҭо русура иацырҵеит ҳәа. Сара ус ахәшьара сзаҭаӡом, избанзар алҵшәа иҳауз иаҳа издуҵаша џьабаала аус зуа роуп, иаҳдыруеит еиуеиԥшым анаплакқәа ҿыц иаадыртқәаз шыҟалаз, зхатә ус иаҿу, анаплак маҷқәа ракәзар рхыԥхьаӡара акыр еиҳахеит. Уи злаҳдыруа уи ауп, абри ашықәс инҭагӡаны раионцыԥхьаӡа ахәшьарақәа ҟарҵон, ирыдыз руснагӡатәқәа зегьы инарыгӡеит, Очамчыра аламҵакәа. Аус зуа алҵшәа бзиақәа аадырԥшит, аҳәынҭқаррагьы ахылаԥшра иҟанаҵоз ицәырнагаз маҷым. Иҵәахны иҟаз аекономика маҷ- маҷла ицәырҵуа иалагеит. Ауаагьы еилыркаауа иалагеит иахәҭоу аҳәынҭқарра иалоугалар, иаҳа ибзианы ушалҵуа", - иҳәеит Шьалашьаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.