Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Нанба: ар ахьӡ шьҭыхтәуп, абираҟ ырҳарактәуп

Нанба: ар ахьӡ шьҭыхтәуп, абираҟ ырҳарактәуп
Анапаҵаҩра
Архәҭақәа ирҭагылазаашьоу, аруаа рыԥсҭазаашьа шеиҿкаау абаразы агәаҭарақәа мҩаԥнагеит ааигәа Аԥсны атәылахьчара аминистрра. Ари аус астратегиатә ҵакы, арбџьарымчқәа аҳәынҭқарраҟны иааныркыло аҭыԥ, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит арратә ус еилызкаауа, аинрал Закан Нанба.
Иара ицәажәараҟны иазгәеиҭеит, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рҟынӡа зыҭҵаара мҩаԥысуаз ииасхьаз аибашьра акәын ҳәа.
"Иацтәи аибашьра ҳҽазыҟаҳҵон. Украина иаанарԥшит ахархәагақәа, иҿыцу атехнологиала аибашьра. Уи ҳахьӡаны ҳанзыҟамла, иацтәи аибашьрала, амш аныцәгьоу, анаҟә анху хыхьынтәи акгьы угәанамҭо, уҽуҵәахуа аамҭа ииасхьеит. Иахьа ауаҩы ихылҵуа аԥхаррала дузырбо амаҭәарқәа рацәаны иҟаҵоуп. Убарҭгьы рҽырцәыхьчара аҭахуп, даргьы ҳамазароуп. Арҭқәа ҳрыхьӡаны ианҳзыҟамҵа, аибашьраан ҳусқәа ҽеихаӡом. Ар уахгьы-ҽынгьы аибашьра аҽазыҟанаҵалароуп. Ҳара ҳзықәгәыӷуа арезерв аруаа роуп. Урҭгьы разыҟаҵара иазҿлымҳауп ҳтәылахьчара аминистрра", - иҳәеит Нанба.
Иара игәаанагарала, атәыла ашәарҭадаразы ихадароуп арезерв аруаа рԥышәа аизырҳара, рхыдҵақәа рынагӡаразы ианаамҭоу иахьаҭаху аҭыԥ аҟны инеиртә еиԥш аҟаҵара.
"Иахьа ҳаӷа Егры нырцә дыгәрымуеит. Ҳара ҳхы ҳанзамыхәа, иҳадгыло маҷӡахоит. Иаҳҳәоит Урыстәыла астратегиатә ҩызоуп ҳәа, аха ар ааганы ҳара ҳзы аӡәгьы деибашьӡом. Ҳара аԥхьа ҳгыламкәа, ҳаибашьцәа аԥхьа имцар, акгьы ҳалшаӡом. Убри аҟынтә, ииҳәаз иашоуп аҳәынҭқаргьы, ауаажәларгьы иазгәарҭоит ар ахьӡ ҳаракны ишьҭыхтәуп", - иҳәеит Нанба.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, арра ицараны иҟоу аҿар рааӡара, аспорт радԥхьалара, махашьахала разыҟаҵара иамоу аҵак ду.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0