Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба Қырҭтәыла аиҳабыра рхадарахьы инеиуа иҳәамҭазы: Аԥсны аганахь аполитика аҽаԥсахӡом

Ҳагба Қырҭтәыла аиҳабыра рхадарахьы инеиуа иҳәамҭазы: Аԥсны аганахь аполитика аҽаԥсахӡом
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла аԥыза-министр иҭыԥ аанкылараз зкандидатура ықәгылоу Иракли Кобахиӡе иалхратә программа дазааҭгыло иҳәеит Урыстәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ҭынчмҩала рҭышәынтәалара дшазхиоу, аха убри аана Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдгьылҵакырақәа Қырҭтәыла азырхынҳәра игәы ишҭоу. Жәабран 8 рзы ари акандидат Қырҭтәыла апарламент адгылара ширҭо, игәра шырго азы аиԥылара мҩаԥысран иҟоуп. Кобахиӡе ақырҭцәа реиҳабыс иалхра аԥхьаҟа Қырҭтәылеи, Урыстәылеи, Аԥсни, Аахыҵ-Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа ныррас ианаҭарц алшо, иҟаиҵаз аҳәамҭазы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
"Қыртҭәыла аполитикцәа Аԥсны ианалацәажәо, ари зынӡаск ихәмарраӡам. Иаҳдыруазароуп уа инеиуа аԥыза-министр иоума, аҳәынҭқарра ахада иоума, дазусҭазаалакгьы, еснагь Аԥсны иақәмақарлоит, иҳаргьежьуеит ҳәа ицәажәалоит. Ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟны сара ихасҵаӡом Аԥсны аганахьала рполитика ԥсахрак аиуеит ҳәа. Сынтәа Қырҭҭәыла иҟало алхрақәа убас еибархханы имҩаԥысуеит, аӡәгьы издырӡом иҟало, иахьа напхгара азҭо аполитикатә партиа аԥыжәара рымазаргьы", - иҳәеит Ҳагба.
Иара иазгәеиҭеит, иахьатәи Қырҭҭәыла анапхгара акыр ишәаны-изаны аполитика шымҩаԥырго Урыстәыла аганахьала, Аԥсны акәзар еснагь агәаҽанызаара аанарԥшлароуп Қырҭтәыла аганахьала, амч ахархәаразы ақырҭцәа рыгәҭакы мап шацәырымкуа. Аполитолог убасгьы иҳәеит ҳаамҭазтәи аҭоурых аҟны Аԥсны ахьԥшымра азхазҵаз Урыстәыла аӡбамҭа мап ацәнакуам, Қырҭтәылеи дареи реизыҟазаашьақәа иагьа ибзиахаргьы ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0