Урыстәыла

Урыстәыла Канада азыҳәа азыҟанаҵеит СС алахәыла Гунько иекстрадициазы

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДом правительства РФ в Москве
Дом правительства РФ в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2024
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Ашьаусҭҵааратә еилакы латәарада Иарослав Гунько ахара иднаҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан СССР ауааԥсыра ргеноцид дахьалахәыз азы.
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Урыстәыла Канада азыҳәа азыҟанаҵеит 98 шықәса зхыҵуа СС алахәыла Иарослав Гунько (Хунк) иекстрадициазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Оттава иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Степанов идыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Анацистцәа рыдгылаҩ иекстрадициазы азыҳәа нашьҭуп канадатәи аус знапы иадыруа аусбарҭақәа рахь", - ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Степанов иажәақәа рыла, канадатәи амчрақәа азҵаара ишахәаԥшуа атәы рҳәеит, аха макьаназы аиустициа аминистрреи егьырҭ аусбарҭақәеи рҟынтәи ҭакк ыҟам.
Гунько цәыббра 22, 2023 шықәсазы Канада Апарламент ахь днаԥхьан. Уа дықәгылон Украина ахада Владимир Зеленски. Гунько "Аҩбатәи адунеизегьтә еибашьраан аурысқәа рҿагылараҿы Украина ахьыԥшымраз ақәԥаҩ" ҳәа еизаз ддырдырын.
Урыстәылатәи аусҭҵааҩцәа Урыстәыла Аҳәынҭархиви Атәылахьчара аминистрра архив хадеи рҿы ирыԥшааит адокументқәа, Гунько дызлахәыз СС адивизиа "Галичина", 1943 шықәсазы аукраин милаҭ рыла ишьақәгылаз, аумҭақәа шьақәзырӷәӷәо. Адивизиа еицырдыруан аурымқәа, аполиакцәа, абеларусцәа, асловакцәа рганахьала гыгшәыграла рхымҩаԥгашьала.
Ажәабжьқәа зегьы
0