Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниеи Сергеи Лаврови еиԥылеит Москва

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииАслан Бжания и Сергей Лавров
Аслан Бжания и Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусутә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа дцеит ажьырныҳәа 29 рзы.
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла АдәАР аиҳабы Сергеи Лаврови еиԥылеит Москва. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны апсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рыҿиара иалацәажәеит.
Бжьаниа Лавров идиныҳәалеит иааигәахо Адипломатиатә усзуҩцәа рымш, изеиӷьеишьеит инапы злаку урыстәылатәи аҳәынҭқарра аизҳараҿы ақәҿиарақәа.
Аслан Бжьаниа Москва иҟазаара иалагӡаны дырԥылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви, аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови, АКХ ахантәаҩы Елла Памфилови, Афедералтә шәахтә маҵзура анапхгаҩы Данил Егорови, Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки еиԥылеит.
Аиԥыларақәа рҟны асоциал-економикатә ахырхарҭаҟны ҩ-ганктәи аусеицуреи, аенергетикеи уҳәа егьырҭ азҵаарақәеи ирзааҭгылеит, аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Ажәабжьқәа зегьы
0