Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кара-Осман-оӷлы Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аԥсуаа ралԥшаара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Кара-Осман-оӷлы Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аԥсуаа ралахәхара иазкны
Анапаҵаҩра
2024 шықәсазы еиҿкаахо Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль мҩаԥгахоит Урыстәыла афедералтә дгьылҵакыра "Сириус" аҟны хәажәкыра 1 инаркны 7-нӡа. Иара рҽаладырхәуеит ҳара ҳҿаргьы. Урҭ ралԥшаара шымҩаԥысуаз, аԥсуа ҿар ари аусмҩаԥгатә аҟны рҿаԥхьа иқәгылоу адҵа хадақәеи, ари аԥышәа дара ирзаанартуа алшара ҿыцқәеи арадио Sputnik астудиаҿы дрылацәажәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы.
Даара ирацәаны арзаҳалқәа шьҭа Аԥснынтә – 500 инареиҳаны. Урҭ рахьынтә ирыдыркылеит 300, избанзар ихарҭәаан ишақәнагаз. 300 рҟнытә иалкаан 100-ҩык. Азыҳәақәа шаҟа ииашаны ихарҭәааз ала иалԥшаан аҿаргьы. Ирацәаны адҵақәа рыман, аиҿкааҩцәа ирҭахуп иреиӷьӡақәа аҿар алыркаарц, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кара-Осман-оӷлы.
"87-ҩык аҿар иалԥшааз рықәра харҭәаауп. 13-ҩык зықәра намӡац роуп, урҭ 15-17 шықәса рхыҵуеит", - ҳәа иҳәеит аҳәынҭеилакы аҿар рыҟәша аиҳабы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0