Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Бкамҳааит абааԥсы": Аԥсны аромантикатә комедиа дырбахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСтроительство кафе на станции ГУма
Строительство кафе на станции ГУма - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2024
Анапаҵаҩра
25 минуҭ иҟоу афильм аԥхьарбара мҩаԥгахоит акультура-устә платформа "Гәма" жәабран 14 асааҭ 17:00 рзы.
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҭыхуп аромантикатә комедиа "Бкамҳааит абааԥсы". Ари ахҭыс иазкны Sputnik аҿы имҩаԥысит апресс-конференциа жәабран 12 рзы.
Афильм арежиссиор-асценарист Осман Ҭарба иҳәеит зметраж кьаҿу афильм аҭыхра аидеиа иаалырҟьаны ишизцәырҵыз.

"Абри абри ауп ҳәа аҭыхра сгәазырԥхаз ҳәа аказы сызҳәом. Салалан сцәажәом,аха афильм астудент, арԥыс қәыԥш иҭоурых иазкын. Иара иҩызцәа дызлаҩашьо ҳәа акгьы имамызт, акызаҵәык ада - Стендаль исиндром (ацәаныррақәа ирыхҟьаны аԥсмаҷхара). Абри ауп асиужет иагәыцәу", - иҳәеит иара.

Актиор Салман Џьынџьал еиҭеиҳәеит асахьаҿ иҽҭыхра анидыргала аамҭазы Шьепкин иҵараиурҭа дышҭаз.
"Ԥышәа рацәак сымамызт. Сара рацәак исгәамԥхоз аԥсуа кино ажанрқәа, аибашьра ма абзиабара ирызкыз срыхәаԥшхьан. Ари афильм стандарт ҟазшьамызт иамаз. Исыхәмаруаз арольгьы иахьынӡалшоз сҽансырнаалеит", - иҳәеит Џьынџьал.
Афильм аоператор-ақәыргылаҩ Џьанико Ҵурҵумиа арежиссиор-ақәыргылаҩ Осман Ҭарба асценари анизнеига Ҵурҵумиа иаразнакы дақәшаҳаҭхеит, аҭоурых игәаԥхеит.
"Асценари шьахәуп, афильм шәахәаԥшыр ишәгәаԥхоит. Салман – ишиҳәаз ала аҭоурых стандартны иҟам. Уес Андерсен дугәаланаршәоит. Иаразнак исҳәеит: "иҭыхтәуп", - иҳәеит Ҵурҵумиа.
© Sputnik / Марианна Кубрава В пресс-центре Sputnik Абхазия состоялась пресс-конференция, посвященная романтической комедии "Только не падай"
В пресс-центре Sputnik Абхазия состоялась пресс-конференция, посвященная романтической комедии Только не падай - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2024
В пресс-центре Sputnik Абхазия состоялась пресс-конференция, посвященная романтической комедии "Только не падай"
Акультура-усутә платформа "Гәыма" ахаҭарнак Хьыбла Возԥҳа иазгәалҭеит афильм аԥхьарбара дара рҿы иахьымҩаԥысуа агәахәара шылнаҭо.
"Акультура-усутә платформа "Гәыма" аҟны ҩышықәсеи бжаки рыҩнуҵҟа акиноқәеи ателепроектқәеи жәба рӡыргара мҩаԥаагахеит. Ҳақәгәыӷуеит аԥсуа режиссиорцәа ари аиндустриаҿ рымчқәа ԥыршәалап ҳәа. Ҳаргьы гәахәарыла урҭ раԥхьарбарақәа ахьымҩаԥгахо ҭыԥны аҟазаара ҳақәшаҳаҭхоит", - лҳәеит Возԥҳа.
Афильм аҭыхра иалагеит 2021 шықәса жәабран азы, аноурылара 25 минуҭ.
Ажәабжьқәа зегьы
0