Урыстәыла

Урыстәыла 400 инареиҳаны атеррористтә цәгьоура аԥырҟәҟәаауп арратә операциа иалагазар

© SputnikНациональный антитеррористический комитет (НАК)
Национальный антитеррористический комитет (НАК) - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2024
Анапаҵаҩра
Украина арратә операциа ҷыда иалагеит 2022 шықәса жәабран 24 рзы.
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Арратә операциа ҷыда иалагазар аахыс Урыстәыла иаԥырҟәҟәаауп 419 террористтә цәгьоура ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Амилаҭтә террорҿагыларатә еилакы аҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.
"Арратә операциа ҷыда иалагазар аахыс Урыстәыла иаԥырҟәҟәаауп 419 террористтә цәгьоура. Дара рымҩаԥгара рҽазыршәон жәларбжьаратәи атеррористтә еиҿкаарақәа, украинатәи амаҵзура ҷыдақәа, анеонацисттә еиҿкаарақәа, мамзаргьы ари аус иадрыԥхьалаз ауаа", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Асеиԥш ацәгьоурақәа ирыҵаркуеит атерактқәа рымҩаԥгара адагьы аекстремисттә еиҿкаарақәа рылахалара, атерроризм амҩаԥгаразы ааԥхьарақәа, ауаа шасыс ргара.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны жәларбжьаратәи атеррористцәа, аҳәаанырцәтәи амаҵзура ҷыдақәа рхаҭарнакцәа русура дырӷәӷәеит Урыстәыла ауааԥсыра рыҩнуҵҟа, ацәгьоура знапы ианырҵаша рыԥшааразы.
"Мраҭашәаратәи амаҵзура ҷыдақәеи урҭ рнапаҵаҟа иҟоу аинформациа-ԥсихологиатә операциақәа рымҩаԥгаразы украинатәи ацентрқәеи ҳтәылауаа адиверсиа-террористтә ус иадрыԥхьалоит", – ҳәа аҳәоит Амилаҭтә террорҿагыларатә еилакы.
ФСБ РФ задержала подозреваемого в госизмене в Хабаровском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.12.2023
Урыстәыла
Украинатәи атеррорист даанкылоуп Ижевск
Ажәабжьқәа зегьы
0