https://sputnik-abkhazia.info/20240214/syla-ialaau-aiei-iblakhkygou-ashkhaei-sputnik-afotoykhymaa-1050138741.html
Сыла иҭалаҳау аӡиеи иблахкыгоу ашьхақәеи: Sputnik афотоҭыхымҭақәа
Сыла иҭалаҳау аӡиеи иблахкыгоу ашьхақәеи: Sputnik афотоҭыхымҭақәа
Sputnik Аҧсны
Риҵа асы анлеилак иаҭаауа рхыԥхьаӡара акырӡа еизҳауеит. Есышықәса ус иаԥуп, аҭыԥантәи ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи, сыла иҭалаҳау аӡиеи иблахкыгоу ашьхақәеи... 14.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-14T16:03+0300
2024-02-14T16:03+0300
2024-02-14T16:03+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/0c/1050133910_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_aeae66d933be5a653accb06b48baa993.jpg
Риҵа асы анлеилак иаҭаауа рхыԥхьаӡара акырӡа еизҳауеит. Есышықәса ус иаԥуп, аҭыԥантәи ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи, сыла иҭалаҳау аӡиеи иблахкыгоу ашьхақәеи рфотосахьақәа ҟазҵарц иаҭаауа рацәаҩуп. Аӡынразы апарк аҵакыра аҭаларазы аӡынтәи арезина зҵам амашьынақәа рхалара ԥкуп.Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаартын. Амилаҭтә парк ахи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит. Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа ирыҵаркуеит – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ аиҩхаара, аӡхыҽҽарақәа.Апарк ахышәаҵышәа 390 километр ԥшьыркца иҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/0c/1050133910_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_eb1e3a4786befa02d2d9de46e679cc76.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Сыла иҭалаҳау аӡиеи иблахкыгоу ашьхақәеи: Sputnik афотоҭыхымҭақәа
Риҵа асы анлеилак иаҭаауа рхыԥхьаӡара акырӡа еизҳауеит. Есышықәса ус иаԥуп, аҭыԥантәи ауааԥсыреи аԥсшьаҩцәеи, сыла иҭалаҳау аӡиеи иблахкыгоу ашьхақәеи рфотосахьақәа ҟазҵарц иаҭаауа рацәаҩуп. Аӡынразы апарк аҵакыра аҭаларазы аӡынтәи арезина зҵам амашьынақәа рхалара ԥкуп.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк 1930 шықәсазы иаԥырҵаз Риҵатәи аҳәырԥсарра шьаҭас иаҭаны 1996 шықәсазы иаартын. Амилаҭтә парк ахи-аҵыхәеи 390 километр ԥшьыркца аҵанакуеит. Риҵатәи амилаҭтә парк аԥшӡарақәа ирыҵаркуеит – Риҵа ду, Риҵа маҷ, аӡиа Мзы, Ауадҳара, Ҩыԥсара аиҩхаа, аӡиас Бзыԥ аиҩхаара, аӡхыҽҽарақәа.
Апарк ахышәаҵышәа 390 километр ԥшьыркца иҟоуп.

Риҵа асы анлеилак иаҭаауа рхыԥхьаӡара акырӡа еизҳауеит.

Сыла иҭалаҳау аӡиеи иблахкыгоу ашьхақәеи рфотосахьақәа ҟазҵарц арахь иаҭаауа рацәаҩуп аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш аԥсшьаҩцәагьы.

Апарк аҵакыраҿы асыԥса анлеи амҩақәа аркын.

Аԥсабара Риҵатәи ашьхақәа сыла еиланаҳәеит.

Абас иҟоуп аӡынтәи Риҵатәи аҩхаа асахьа.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ӡынгьы-ԥхынгьы аԥсшьаҩцәа рацәаҩны изҭаауа аҭыԥқәа иреиуоуп.

Риҵатәи аӡиа аҵаа хылеит.

Сынтәа аҳәырԥсарра аҵакыраҿы илеиз асы х-метрак еиҳауп.

Асыԥса алеира ашәарҭара ахьыҟаз азы Риҵа амҩақәа изныкымкәа иадыркхьан.

Иахьазы амилаҭтә парк аартуп.

Ахалара азин рымоуп аӡынтәи агьежьқәа зҵоу амашьынақәа.