https://sputnik-abkhazia.info/20240220/khra-zlou-akhysa-agbei-abei-evromaidan-iazkny--1050227794.html
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагбеи Аҩӡбеи Евромаидан иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагбеи Аҩӡбеи Евромаидан иазкны
Sputnik Аҧсны
Украина Евромаидан захьӡхаз аҳәынҭқарра анапхгара мчыла ахҳәара, аилаҩынтра ҟалеижьҭеи 10 шықәса ҵит. Уи арыцхә инамаданы арадио Sputnik аҿы аекспертцәа... 20.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-20T19:45+0300
2024-02-20T19:45+0300
2024-02-20T19:45+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/14/1050227623_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_138a5b18a50cc35b2a3e922c374a5db8.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагбеи Аҩӡбеи Евромаидан иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагбеи Аҩӡбеи Евромаидан иазкны
Украина Евромаидан захьӡхаз аҳәынҭқарра анапхгара мчыла ахҳәара, аилаҩынтра ҟалеижьҭеи 10 шықәса ҵит. Уи арыцхә инамаданы арадио Sputnik аҿы аекспертцәа ааԥхьара рыҭан, анҵамҭақәа ырмазеин. Астудиа иахьатәи асас - аполитолог, Sputnik еснагьтәи аексперт Беслан Ҳагба. Иара далацәажәеит иарбан мзызқәоу ари ахҭыс зырааигәаз, уи иахҟьаны Украина ишьақәгылаз аполитикатә, асоциалтә ҭагылазаашьеи, иахьа уажәраанӡа Мраҭашәаратәи атәылақәа уи иазыруа анырреи уҳәа ахырхарҭақәа жәпакы. Иара убас ҳдырраҭара далахәуп Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба, Евромаидан иазку анҵамҭа автор.Аполитолог Ҳагба иажәақәа рыла Евромаидан ҟаланӡагьы Украина аилаҳара иаҿын."Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа аполитикатә мчқәа еиҿанагаланы иааҟәымҵӡакәа ақәԥара ианаҿу, атәыла хыбгалоит. Ас еиԥш аиҿагыларақәа ыҟан Арабтәыла, Қырҭтәыла, Ермантәыла, Азеирбаиџьан, иара убри иахҟьаны аҳәынҭқаррақәа ҵшәаауан. Амчрақәа аҩнуҵҟа еинышәара рымаӡамкәа ианеиҿанагало, атәым ҳәынҭқаррақәа анырра ҟарҵоит аҩнуҵҟатәии аҳәаанырцәтәии аиҿагыларақәа аибашьрахь икылнагеит, уи иахьагьы ацара иаҿуп", - иҳәеит Ҳагба.Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/14/1050227623_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_157d6edffef898c4da2b4b436f795a5e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Украина Евромаидан захьӡхаз аҳәынҭқарра анапхгара мчыла ахҳәара, аилаҩынтра ҟалеижьҭеи 10 шықәса ҵит. Уи арыцхә инамаданы арадио Sputnik аҿы аекспертцәа ааԥхьара рыҭан, анҵамҭақәа ырмазеин. Астудиа иахьатәи асас - аполитолог, Sputnik еснагьтәи аексперт Беслан Ҳагба. Иара далацәажәеит иарбан мзызқәоу ари ахҭыс зырааигәаз, уи иахҟьаны Украина ишьақәгылаз аполитикатә, асоциалтә ҭагылазаашьеи, иахьа уажәраанӡа Мраҭашәаратәи атәылақәа уи иазыруа анырреи уҳәа ахырхарҭақәа жәпакы. Иара убас ҳдырраҭара далахәуп Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба, Евромаидан иазку анҵамҭа автор.
Аполитолог Ҳагба иажәақәа рыла Евромаидан ҟаланӡагьы Украина аилаҳара иаҿын.
"Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟа аполитикатә мчқәа еиҿанагаланы иааҟәымҵӡакәа ақәԥара ианаҿу, атәыла хыбгалоит. Ас еиԥш аиҿагыларақәа ыҟан Арабтәыла, Қырҭтәыла, Ермантәыла, Азеирбаиџьан, иара убри иахҟьаны аҳәынҭқаррақәа ҵшәаауан. Амчрақәа аҩнуҵҟа еинышәара рымаӡамкәа ианеиҿанагало, атәым ҳәынҭқаррақәа анырра ҟарҵоит аҩнуҵҟатәии аҳәаанырцәтәии аиҿагыларақәа аибашьрахь икылнагеит, уи иахьагьы ацара иаҿуп", - иҳәеит Ҳагба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.