Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Папԥҳа еиҭалҳәеит аԥсуа диаспореи Дырмит Гәлиеи раԥхьатәи реибабара аҭоурых атәы

Папԥҳа еиҭалҳәеит, аԥсуа диаспореи Дырмит Гәлиеи раԥхьатәи реибабара аҭоурых атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩы, Ҭырқәтәыла инхо аҵарауаҩ Маҳинур Папԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илгәалалыршәеит аԥсуа диапора ахаҭарнакцәеи Дырмит Гәлиеи реибадырра атәы шыҟалаз, иара иҩымҭақәа маӡала иаԥхьаны ишеиҭаргоз, насгьы ҭырқәшәала акьыԥхь абартә еиԥш ишыҟарҵоз.
Аҵарауаҩ Маҳинур Папбԥҳа авторс дамоуп ҭырқәшәала ицәажәаз Дырмит Гәлиа изку ашәҟәы. Лара уаҟа еиҭалҳәеит раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәылантәи Аԥсны инеины Гәлиа иабадырыз ауаа рҭоурых.
"Раԥхьаӡа Мысҭафа Быҭәба иакәын. Иара авторс дамоуп Ҭырқәтәыла иҭыҵыз раԥхьатәи "Аԥсуа нбан". Агазеҭ Аԥсны аҿы иануп урҭ шеиқәшәаз. Иара убри алагьы еилукаар ҟалоит адиаспореи Аԥсни аимадара шрыбжьаз. Иара ишьҭахь, машәыршәа гәылас исымаз Сҭампыл аԥсуа саниабадыр, хәыҷык ҳанеишьцыла, исеиҳәеит Гәлиа иҩны дышцахьаз, ишеибадырхьаз, Мысҭафа Быҭәба дахьтәаз асқам аҿы дыширтәаз, уахык иара иҿы дшынхаз", - ҳәа еиҭалҳәеит Папбҳа.
Аҵарауаҩ иара убасгьы илҳәеит, гәыԥҩык аԥсуаа, ларгьы дназлаз, аԥсуа аҩыра аҵара аԥхьара Дырмит Гәлиа ила ишалагаз.
"Аиҭагақәа ҟаҳҵон. Усҟантәи аамҭаз хықәкыс иҳамаз Аԥсны иадҳәалоу аинформациа аҭырқәшәахь аиагара, ара аларҵәара. Ажурналқәа иҭыҵуаз рахь иҳашьҭуан аиҭагақәа, ҳшәон, ҳәарада, аамҭа ҽакын. Усҟан Гәлиа изкыз ҳаиҭагамҭа дук аҭыжьырҭақәа ирацәаны ирзынаҳашьҭит, аха аамҭа цеит, акьыԥхь амбаӡеит, иаргьы ҳаиҭагамҭагьы ҳцәыӡит. Иахьагьы сгәы иалоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Папԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0