Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Анқәаб иҳәеит агазеҭ "Аԥсны" аԥхьара аҭахны изыҟоу

Анқәаб иҳәеит агазеҭ "Аԥсны" аԥхьара аҭахны изыҟоу
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ҵит жәабран 21 азы, ҳазҭоу амза 27 рзы иара инапхгарала иҭыжьыз раԥхьатәи амилаҭтә газеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵуеит. Ари ахҭыс ҳажәлар рзы иаанагоз, ҭыԥс иааннакылаз, иахьа амилаҭтә газеҭ аԥхьара аҭахны изиԥхьаӡо, уи иаҭагылазаашьоу, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит агазеҭ "Аԥсны" аредактор хада Ахра Анқәаб.
"Ҳдоуҳа арҿиаразы, наӡаӡа имыӡуа адунеи иазынхарц азы раԥхьатәи ишьаҿақәа ируакын агазеҭ "Аԥсны" аҭыжьра ахацыркра. Ҳәарада, иара ишәҟәоуп иҭыжьыз 1912 шықәсазы "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи", аха иадԥхьалатәын алитература зырҿио ауаа. Урҭ аӡәык-ҩыџьак ма акы-ҩба аҩра зҽазызшәоз рҩымҭақәа реизгақәа иаразнакы аҭыжьра залшаӡомызт. Раԥхьа иргыланы иахькьыԥхьуаз акы азыӡбатәын, иҩбахаз - аҵаралашара ада ԥсыхәа шҳамам, ҳдоуҳа ҿиарц, ҳаиқәхарц, ҳхаҿра мыӡырц азы, хымԥада, ажәлар рҟынӡа иназго ихадароу акы аҭахын. Уи агазеҭ "Аԥсны" акәхеит… Азнаказы рацәак иара иахықәкыз азынамгозҭгьы, зегьы акоуп иара иабзоурахаз маҷӡам ҳажәлар рҿы убри аҵаралашара, арккаратә усура аларҵәаразы", - иҳәеит Анқәаб.
Иара иазгәеиҭеит, иахьа агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса анахыҵуа аамҭазы аԥсҭазаара акыр аҽшеиҭанакызгьы, аҭыжьымҭа аркны асоциалтә ҳақәа рахь мацара аиасра ҟалашьа шамам, уи ҳажәлар ишырҭоурыху.
"Гәылиа иажәеинраала "Абри соуп сара" аҟны "сара саԥсыуоуп" ҳәа ииҳәо ажәа ҳазхәыцуазар, иаԥсыуаны ҳазшаз иишаз ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа, аҵарауаҩ инаиркны амаҵурауаҩ иҟынӡа дарбанзаалак ҩнуҵҟала "сара саԥсуоуп" иабанӡаҳныруа ? Ҳалагап убри ала. Агазеҭ саԥхьаӡом, исҭахӡам, мамзаргьы иахьа искратәы иҟаӡам, аха сҭоурых аҳәозар, сҭоурых снарбозар, уахь сазхьанарԥшуазар, зҭоурых зхашҭыз ԥеиԥш имаӡам рымҳәеи, уи ажәлар рҟны иԥыршәахьоу хшыҩҵакуп, ус анакәха ишабалакгьы азыҟазаара ииашамзар ҟалап, иақәнагамзар ҟалап. "Ахьаԥарч зхылҵыз иахәлаџьыџьон" ҳәа ҳажәа ишалоу еиԥш ҳхатәы ҳхала агәҭасра рацәак иҽеимзар ҟалап, зынӡа иҽеим ашҟа ҳкылнагозар акәхап",- иҳәеит Анқәаб.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0