Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа Аԥсны ахәыҷқәа рпсихикатә ҭагылазаашьа иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа Аԥсны ахәыҷқәа рпсихикатә ҭагылазаашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахәыҷқәа рпсихикатә ҭагылазаашьа аҭҵааразы имҩаԥгаз аусура алҵшәақәа, ахәыҷқәа рзы аҟәаша аарҭра ахәҭаны изырԥхьаӡо атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәыҷтәы акультура-гәыҳалалратә фонд “Ашана” аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба идикылеит афонд “Ашана” аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа, ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рҳақьым-психиатр Оксана Мельникова, аҳақьым-психиатр Гванца Маҷавариани. Уаҟа иалацәажәеит ахәыҷқәа рпсихикатә ҭагылазаашьа аҭҵаареи ахәыҷтәы психиатриатә ҟәша аартра аларшареи ртәы.
Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, ахәыҷқәа рпсихика аҭҵаара аус иацҵоуп. Урыстәылантәи аҳақьым раионцыԥхьаӡа ахәыҷқәа лыдылкылалоит. Ҵыԥх ҩымчыбжь ирылагӡаны агәаҳәара зауз зегьы рыдкылара дахьымӡаӡеит ҳәа азгәалҭеит лара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0