Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Диана Ԥлиаԥҳа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩыс далхуп

© Sputnik / Леон Адлейба Диана Пилия
Диана Пилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2024
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 1 2024 шықәсазы уажәраанӡа аӡбарҭа ахантәаҩыс иҟаз Лиудмила Хоџьашвили лнапынҵақәа рыҿҳәара нҵәеит.
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Диана Ԥлиаԥҳа Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩыс далхуп, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.
Ԥлиаԥҳа ари аусбарҭа напхгара алҭалоит хышықәса, 2027 шықәса хәажәкыра 1 аҟынӡа.
Маӡалатәи абжьыҭирала ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩыс далхуп Рауль Пантиа, аӡбаҩ-маӡаныҟәгаҩыс Лиудмила Хоџьашвили.
Ажәабжьқәа зегьы
0