Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа адгьыл ацәаӷәара азҵаара, уи ахәԥса ирызкны

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа адгьыл ацәаӷәара азҵаара, уи ахәԥса ирызкны
Анапаҵаҩра
Адгьыл ақәаарыхра аамҭазы амашьына-трактортә станциақәа аусура иахьынӡеиқәшәоу, гектрак адгьыл ацәаӷәаразы ахәԥсақәа шьақәыргылоума, анхацәа иаҳа имаҷны ацәаӷәара иалагеит ҳәа агәаанагара иашоума, уҳәа азҵаарақәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
"Ақыҭанхамҩа аминистрра иаҵанакуа атрактортә станциақәа аҽазырхиара иаҿуп. Уажәазы ҳара макьана аԥара ҳмоуӡац иҟаҳҵаз азыҳәала урҭ ҳрыцхраартә еиԥш, амаҭәахәқәа рзааҳамгацт, аха дара рхала иаҿуп. Абарҭ 7 станциак иҟоу 10 миллион мааҭ рзоужьуп ацхыраара раҳҭартә еиԥш дара иҟарҵаз азыҳәала. Иахьатәи аамҭазы 135 ақыҭанхамҩа иатәу атракторқәа абаланс аҟны иҟоуп. Урҭ рахьынтә 110 ацәаӷәагақәа роуп. Ари ахыԥхьаӡара аҟынтәи 94 трактор иахьа аус руеит, еиқәшәоуп, егьырҭ аус рыдулара иаҿуп, дара изларҳәаз ала ҳгәы иаанагоит иаанхазгьы ирласны иҟарҵап ҳәа. Ҳара ҳатрактортә станциақәа 30 % роуп ирыҵаркуа, егьырҭ Аԥсны иҟоу ахатәы техника, атракторқәа аус руеит", - иҳәеит Џьопуа.
Ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла ҵыԥх аҳәынҭқарра иатәу атрактортә станциақәа гектарк адгьыл 5 408 мааҭ ҳәа ирцәаӷәозҭгьы, сынтәа 5 273 мааҭ иаԥсоуп гектрак ацәаӷәара.
Џьопуа иазгәеиҭеит ақыҭақәа рхадацәа рҟынтәи ацхыраара шаҭаху ишьақәыргылоу ахәқәа ирҭымсыртә еиԥш иҟаларц.
Аминистр убасгьы иҳәеит рхыԥхьаӡара рацәамзаргьы зылшара маҷу аҭаацәара дуқәа, аибашьраҟны ааха зоуны зылшара ԥку рсиақәа шыҟоу, урҭ араионқәа рхадарақәеи дареи еицхырааны амала ҳәа ишырзырцәаӷәо адгьылқәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0