Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны атәылауаа 6,3 миллион мааҭ рҟынӡа аҳазалхратә шәарақәа ршәароуп

© Foto / Южное таможенное управлениеБолее шести миллионов таможенных платежей должны заплатить двое граждан Абхазии
Более шести миллионов таможенных платежей должны заплатить двое граждан Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Урыстәылаҟа ҩ-кадиллакк риагаразы Аԥсны атәылауаа 6,3 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара ршәар ауп ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аоперативтә ҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
30-шықәса зхыҵуа атәылауаҩ Урыстәылаҟа иалеигалеит автомашьына "Cadillac Escalade" ахатәхархәаразы исҭахуп ҳәа ҳәаны, аха нас урыстәылауаҩ иааирхәеит.
Мчыбжьык ашьҭахь ари атәылауаҩ иаҳәшьа араритеттә "Cadillac Fleetwood" Аԥсны иалганы иара убри аурыстәылауаҩ илҭеит.
Актәи автомашьына Кисловодск иаанкылоуп, ахараԥса ҳәа 2,8 миллион мааҭ ақәҵоуп, аҩбатәи – макьаназ аԥшаара иаҿуп, ахараԥса ҳәа 3,4 миллион мааҭ ақәҵоуп.
Аԥсны атәылауаа рганахь ала ашьаусқәа хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0